Аслан Бжьаниеи Башар Асади Шьамтәыла еиԥылеит

© Foto / пресс - служба президента РАОфициальная встреча Президентов Республики Абхазия и Сирийской Арабской Республики Аслана Бжания и Башара Аль-Асада
Официальная встреча Президентов Республики Абхазия и Сирийской Арабской Республики Аслана Бжания и Башара Аль-Асада - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалтә ныҟәарыла Шьамтәыла дыҟоуп. Аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеиит лаҵара 16 рзы.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар Аль-Асади рофициалтә еиԥылара мҩаԥысит Дамаск. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аԥснытәи аделегациа аԥсшәа раҳәо Башар Асад иазгәеиҭеит Аԥсны ахада ара иҟазаара аҵак ду аманы ишиԥхьаӡо аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьа арҿиаразы.

Аслан Бжьаниа Шьамтәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵарази адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларази.

"Ҳара ҳзы ари аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Агәра згоит ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы аҿиара шроуа. Ҳара ҳашьклаԥшуеит Шьамтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа. Шәыжәлари хаҭала шәареи Шьамтәыла ахьыԥшымреи аҵакыратә акзаареи аиқәырхара шәахьазықәԥо агәахәара ду ҳнаҭоит. Аҽазныкгьы ҭабуп ахысҳәаауеит ҳаиԥыларазы. Агәра згоит, уи сара сеиԥш сҩызцәа зегьы акраамҭа ирхамшҭуа ргәаҿы ишаанхо", - иҳәеит Аԥсны ахада.

Аԥсуа делегациа злахәыз аиҿцәажәара ашьҭахь ахадацәа рхала аицәажәара рыман.

Бжьаниа ипресс-маҵзура ишаанацҳауала атәылақәа рхадацәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иалацәажәеит, уи еихшьаало имҩаԥыргеит АИХқәа рзы абрифинг.

Башар Асад иазгәеиҭеит Шьамтәыла ишынхо аԥсуа диаспора.

"Дара хьӡи-ԥшеи змоу ҳауаажәлар ирыхәҭакны иҟоуп, Шьамтәыла ахақәиҭра иазықәԥоит. Адиаспора рыҟазаара акультурабжьаратә еимадарақәа арӷәӷәоит. Шьамтәыла Аԥсны ажәалар ԥхьаҟагьы адгылара рнаҭоит изну амҩаҿы", - иҳәеит Асад.

Уаанӡа Аслан Бжьаниеи аделегациа алахәылацәеи шьамтәылатәи аибашьцәа анышә иахьамадоу инеины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны ахада Дамаск дидикылеит Шьамтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьазы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда, Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимов.

Ажәабжьқәа зегьы
0