Акциа "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны имҩаԥгахоит лаҵара 18 азы

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме
Акция Ночь в музее в Государственном музее в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи есышықәсатәи акциа "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны аҽаланархәит 2015 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Селма Базԥҳа. Адунеи аҟны еицазгәарҭо акциа "Аҵх амузеи аҟны" иалахәхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи.

Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит амузеиқәа рнапхгаҩцәа.

"Аԥснытәи аҳәынҭмузеи азал дуи археологиа аҟәшеи рҟны имҩаԥгахоит археолог Вадим Бжьаниа диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазку аекспозициа", - ҳәа иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа.

Уи адагьы русура иацырҵоит еснагь иҟоу аекспозициақәа.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны аҭааҩцәа рзы иазырхиоуп апрограмма. Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рзы 1992-1993 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибиографиеи рдырразы авикторина мҩаԥгахоит.

"Апрограммаҿ иҟоуп ахореографиатә студиақәеи ашәаҳәаҩцәа ҿарацәеи злахәу аконцерт, авикторина аихшьалақәа рыла ишахоит аҳамҭақәа. Ауснагӡатәқәа зегьы адәны рымҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп" ҳәа лҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа.

Музей Боевой славы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз ирызку 10 000 рҟынӡа документ ацифрахь ииаргеит

Амузеи асасцәа иара убасгьы ирыдгалахоит афотоцәыргақәҵа "Владислав. Иацы. Иахьа. Уаҵәы", амузеи аекспонат хада – Владислав Арӡынба иавтомашьына. Аҭааҩцәа идырбахоит Владислав Арӡынба изку афильмқәа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амузеи аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥысуеит адәны, амузеи ашҭаҿы, "Дырмит иашҭа" ахьыӡҵаны.

"Аҵх амузеи аҟны" аан иӡыргахоит Аԥсны иазку алитература-сахьаркыратә журнал "Веси" аномер ҷыда аӡыргара. Ажурнал аҟны еиҭаҳәоуп Аԥсны акультура, апоезиа, алитература, аҟазара, амузеи аҭоурых рыӡбахә", - ҳәа лҳәоит амузеи адиректор Светлана Қорсаиаԥҳа.

Амузеи аҿы аекскурсиақәа идуум гәыԥ-гәыԥла еиҿкаахоит.

Акциа хыркәшахоит итрадицианы иҟалаз апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гунда Сақаниаԥҳа рпародиақәа рыԥхьарала.

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҿы Гәдоуҭа аԥсуа ҳәызбақәа рцәыргақәҵа аартхоит.

"Ацәыргақәҵахь инагоуп 30 рҟынӡа аԥсуа ҳәызбақәа. Зынӡа еизгоуп инарҭбааны изыхцәажәо 72 ҳәызба. Ари аекспозициа зынӡа иҿыцуп. Иаԥҵоуп Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа рассоциациа раԥшьгарала", - ҳәа иҳәеит амузеи адиректор Баҭал Гәынба.

Гәынба: аԥсуа ҳәызбақәа - адунеи аҟны акыҳәа ҳазлардырша ҳкультура махәҭакны иҟоуп

Амузеиқәа рҭаара хәыда-ԥсадоуп. Аамҭала асааҭ 10:00 рзы ихацыркхоит, ихыркәшахоит асааҭ 22:00 рзы лаҵара 18 рзы.

Акциа "Аҵх амузеи аҟны" шьаҭаркуп 1999 шықәса рзы, Франциа. Жәларбжьаратәи есышықәсатәи акциа "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны аҽаланархәит 2015 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.

Адунеи аҟны еицазгәарҭо "Аҵх амузеи аҟны" иалахәхоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0