Аҟәатәи аполиклиника №3 аҟны алаҵаҟаҵарҭа пункт ҿыц аадыртит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟауҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, игәабзиара зеиԥшроу еиликаауеит.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Синоптәи аполиклиника №3 аҟны алаҵаҟаҵарҭа пункт ҿыц аадыртит лаҵара 18 азы.

Ауснагӡатә далахәын Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

"Ауаа аус шыруа аабеит, иаабеит алаҵа аҵәахырҭатә ҭагылазаашьақәа, алогистика. Арҭ зегьы ԥхьаҟагьы ахылаԥшра рыҭалахоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аполиклиника аҳақьым хада Галина Горбунова лажәақәа рыла, алаҵаҟаҵаразы аҭаҩырҭаҿы ашәҟәы уҽануҵароуп. Алаҵаҟаҵара зҭаху рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны аминистрраҟынтә алаҵа ргоит.

Алаҵа ҟауҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп. Ақалақь анҭыҵ инхо рҭыӡҭыԥ ала алаҵа ҟарҵар рылшоит араионқәа рҿы. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, игәабзиара зеиԥшроу еиликаауеит.

Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны

Алаҵа ҟазҵаз апациентцәа 20-30 минуҭ уа иаанхоит. Анаҩс алаҵа шыҟарҵаз азы аршаҳаҭга рыҭахоит. Уа иарбахоит алаҵа аныҟаҵоу арыцхә. Аҩбатәи алаҵа 21 мшы рышьҭахь иҟаҵатәуп

"Аллергиа змам, аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟа коронавирус змыхьыц рзы алаҵаҟаҵара ҟалоит. Алаҵа ашьҭахь сааҭыбжак аҳақьым дихылаԥшуеит. Ауаҩы игәабзиара аҭагылазаашьа еиҭашәар, ацхыраара иҭахоит", - ҳәа лҳәоит лара.

Актәи амш азы 15-ҩык ашәҟәы рҽанырҵеит. Раԥхьатәи алаҵа лзыҟарҵеит 80 шықәса зхыҵуа Сталина Политико.

"Сычмазаҩымхарц, даҽа џьоукгьы идсмырхьырц алаҵа ҟасҵарц сыӡбеит. Ателербагала сахәаԥшуеит, ахҟьа-ԥҟьақәа срыцәшәом. Ирҳәо ишырҳәо иҟасҵоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 11 рзы. 6500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.

Аполиклиника №3 аҟны адагьы алаҵа ҟарҵоит аполиклиника №1 аҟны. Алаҵа ҩ-етапкны иҟарҵоит, 21 мшы рыбжьаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0