Қьамал Арӡынба ишьразы ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура Сухума
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Қьамал Арӡынба дызшьыз ацәгьоуҩы иаанкыларазы ААР аплан рыланаҳәеит, Аҟәа уахьалҵуа аҭыԥқәа зегьы аркуп, иара убас амҩа-патрультә маҵзура апостқәа "Маҷара", "Приморсктәи", "Бамбора" рӷәӷәоуп аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аоперативтә еилазаара амч ала.

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит лаҵара 18 ахәылбыҽха иҟалаз Қьамал Арӡынба ишьра инамаданы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аусбарҭаҟны иазгәарҭеит ауашьра шыҟалаз асааҭ 17:00 рзеиԥш Аҟәа ақалақь Чачба имҩа аҩны №9 ашҭаҿы ишьақәыргылам амцабџьар ала. Хынтә иреиҵамкәа абџьар ҭырҟьан. Иоуз ахәрақәа изхымгакәа Қьамал Арӡынба иԥсҭазаара далҵит асааҭ 17:40 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥсеиқәырхарҭа аҟәшаҟны.

Уаанӡа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан ари ацәгьоура Аҟәа ақалақь Имам Шамиль имҩа аҩны №6 аҿы иҟалеит ҳәа.

Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа ҩба рыла: "Гәыԥҩык ауаа заанаҵ еицәажәаны ма гәыԥеиҿкаарыла иҟарҵаз ауашьра", "Абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәо амаҭәарқәа изакәанымкәа раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара".

Ашьаус-оперативтә гәыԥ ацәгьоура ахьыҟала аҭыԥ аҿы имҩаԥнагоит хырԥашьа змам иақәнагоу ауснагӡатәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0