Урыстәылатәи атурист дыҟоуп ҳәа ахьыршьоз аҭыԥ аҿы дрымбаӡеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРицинский нацпарк
Рицинский нацпарк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад иацнаҵоит урыстәылатәи атурист иԥшаара.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа ахьыршьоз аҭыԥ аҿы дрымбаӡеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Атурист имаҭәақәа роума, имшьамба қьала аума џьаргьы иҳамбеит. Иҟалоит ихала уахьынтә дылбаарц иақәикзар. Аҵыхәтәаны атурист дахьыҟаз аҭыԥ акәша-мыкәша зегь ҭҵаауп, дызлацар ҟалон ҳәа ишьоу амаршрут ала иԥшаара иацҵахоит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара иаҿуп лаҵара 12 раахыс.

Аусбарҭа аинформациала, атурист Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтә. Урыстәылатәи АИХқәа ишырҳәо ала, 64 шықәса ихыҵуеит ҳәа адырра ыҟоуп. Аԥшаара далахәуп атуристтә гәыԥ аинструктор Анна Гилева.

Атуристцәа ргәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

Открытие сезона на горнолыжном курорте Роза Хутор в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Хәымш ҵуеит Аԥсны АҶА ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист иԥшаара иаҿуижьҭеи

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала, агәыԥ аинструктор Анна Делево илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьази асоура иахьалагази азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

Аусбарҭа уаанӡатәи адыррақәа рыла, атурист дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥраауан ҳәа, аха аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны шьапыла идәықәлар акәхеит.

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа быжьҩык ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист Владимир Улианов иԥшаара ишаҿыц иаҿуп.

Атуристтә гәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақәа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0