Аӡынба аҿартә политиказы: даара иԥсыҽуп, системак аҳасабала иҳамаӡам

© Sputnik / Марианна Кубрава Шамиль Адзынба
Шамиль Адзынба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иҿы еиҿкааз Аҿар рполитиказы ахеилак ахантәаҩыс иҟаз, 2014-2016 шықәсқәа рзы аԥыза–министр ихаҭыԥуаҩ, аҿартә политика иахылаԥшуаз Шамиль Аӡынба арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит апионеррахь дышрыдыркылаз, иахьатәи аҿартә политиказы игәаанагара иҳәеит.

Лаҵара 19 рзы Асовет Еидгыла ахаан иазгәарҭон апионертә еиҿкаара амш.

Аӡынба аҿартә политиказы: даара иԥсыҽуп, системак аҳасабала иҳамаӡам

"Асовет аамҭазы сахысит аетапқәа зегьы - октиабрионок, апионер, акомсомол зҳәаз. Ари аҿар рааӡара акәын изызкыз, аидеологиа ӷәӷәан. Асовет ҳәынҭқарраҟны асистема чаԥан, "асоциалтә лифт" ҳәа иахьа ирҳәоит. Асистемаҟны аԥызацәа рааӡон, раамҭа анааиуаз аҳәынҭқарра анапхгарахь инеиуан", - иҳәеит Аӡынба.

Иара иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқарраҟны аҿартә политика системак аҳасабала ишыҟам, акыр ишԥсыҽу, аҿартә политика аҿартә хеилакқәа русура ишалҵшәоу.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0