Аԥсны аԥхынтәи асезон азы уаанӡеиԥш акәымкәа атуристцәа рацәаҩны иҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы на набережной Сухума
Туристы на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
150 нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа лаҵарамза аԥхьатәи ажәамш рыҩнуҵҟа аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысит.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Лаҵарамзатәи аԥсшьарамшқәеи заанаҵтәи аҿаҵарақәеи рзы аинформациа иаҿырԥшны 2021 шықәса аԥхынтә сезон рекордтәхоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Руслан Латипов.

Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа Аԥсны аԥхынтәи асезон зеиԥшрахо азԥхьагәарҭеит

Иара иажәақәа рыла, лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы атуристцәа Аԥсныҟа 1,6 процент рыла еиҳаны иааит хәажәкыра-мшаԥы амзақәа ирҿырԥшны.

2019 шықәса иаҿырԥшны 2021 шықәса лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан атуристцәа рхыԥхьаӡара 130 нызқьҩык рыла еиҳахеит. Аковид аныҟамыз 2019 шықәсазы абри аамҭазы Аԥсны иаҭаз 20 нызқьҩык ракәын.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны лаҵара 1-10 рзы 1,5 процент аидаратә нырра еиҳахеит.

"Иҟан аҳәаахысратә пунктқәа рҿы агәаран дуқәа аныҟалалоз. Ари атуристцәа рхыԥхьаӡара аизҳароуп изыхҟьоз. Ҳара ишалшо ала аамҭа мгакәа урҭ роушьҭра ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа иҳәеит Латипов.

Латипов иазгәеиҭеит аҳәаахысра астатистика инақәыршәаны 2021 шықәса аԥхынразгьы миллионҩык аҳәаа ианахысыз 2019 шықәсатәи арбагақәа ираҟарахоит ҳәа.

2020 шықәсазы атуристтә сезон ихьшәаны иалагеит аԥкрақәа ирхырҟьаны. Нанҳәеи жьҭаареи ирыбжьаркыз аамҭала Аԥсны иаҭан 600 нызқьҩык атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0