Амотохысцәа Аԥсны ашьхараҿы аверталиотқәа рхархәарала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Foto / Artur LebedevВоеннослужащие мотострелковых подразделений российской военной базы Южного военного округа (ЮВО) в Абхазии
Военнослужащие мотострелковых подразделений российской военной базы Южного военного округа (ЮВО) в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәын Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аруаа зықьҩык рҟынӡа.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ амотохысратә ҟәшақәа рыруаа ашьхаратә ҭыԥқәа рҿы амобилҳарак гәыԥқәа ирылахәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргиит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Разведчики ЮВО в Абхазии отразили нападение условных диверсантов на КПП воинского соединения - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Урыстәылатәи аԥшыхәцәа адиверсантцәа ргәыԥ аԥырырхит

Амобилҳарак гәыԥқәа азырхоуп ар ирмаӡаны ҳауала иалкаау араионқәа рахь рнагара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы. Аладатәи аокруг арра-ҳаутә мчрақәа аԥшьбатәи ар рверталиоттә екипажқәеи аҳауаҽацәыхьчаратәи амотохысратәи ҟәшақәа рыруааи амобилҳарак гәыԥқәа аусдҵа ахьыҟоу араионқәа рахь риагара, ашьхаратә ҭыԥ аҿы аверталиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор ала рыртәара атактика аус адыруылон.

Амобилҳарак гәыԥқәа ирымоуп алшара афронт агәы аҽалахалара хықәкырацәалатәи атранспорти аверталиотқәеи рыла, убри аан ахымцатә цхыраара ҟарҵоит ажәыларатә верталиотқәа.

Зынӡа аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәын Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аруаа зықьҩык рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0