Аԥсуа боксиор Баҭал Ҷежьиа атурнир Gazfight аҟны даҵахеит

© Screenshot: facebook/Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуБатал Чежия уступил в поединке за титул чемпиона России российскому спортсмену Олегу Мисюре
Батал Чежия уступил в поединке за титул чемпиона России российскому спортсмену Олегу Мисюре - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Анапаҵаҩра
Апромоушен-еилахәыра Gazfight абокс азы еиҿнакааз Урыстәыла ачемпион ититул азы аиндаҭлара далахәын аԥсуа боксиор Баҭал Ҷежьиа.

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи абоксиор Олег Мисиуреи атехникатә нокаут ала аиааира игеит аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиеи иареи реиндаҭлараҿы.

Ахԥатәи араунд аҟны Чежьиа нокдаун дышьҭын, аха агылара илшеит. Аԥсуа боксиор аринг адаҷқәа дыбжьарӷәӷәан, Мисиура Чежьиа ҩынтә иӷәӷәаны дисит. Чежьиа аҩынтә раан данкаҳа ашьҭахь, аиндаҭлара ацҵара илымшеит.

Аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиа урыстәылатәи ареитинг аҿы 116-тәи апозициаҿ дыҟоуп. Индаҭлоз ари ареитинг аҟны 140-тәи аҭыԥ анникылоит.

Иахьазы иқәгыларақәа 12 рҟынтәи жәынтә иааирала ихиркәшахьеит, знык даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарала. Ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи аславиан тәылақәеи дырчемпионуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0