Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит

© Foto / Владислав Аршба Крыша многоквартирного дома по проспекту Свободы в Ткуарчале
 Крыша многоквартирного дома по проспекту Свободы в Ткуарчале  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Анапаҵаҩра
Аурҭ ахыб зықәнахыз Тҟәарчалтәи аҩнеихагылақәа руак аҟны ақә ԥсахын жәашықәса раԥхьа, 2011 шықәсазы.

АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тҟәарчал, Ахақәиҭра апроспект аҟны игылоу аҩнеихагылақәа руак аурҭԥша ахыб ақәнахит, лаҵарамза 22 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба.

"Аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит, уажәазы аргыларатә бригада амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа ирҿуп. Ҩымш-хымш рышьҭахь ахыб ҿыц ақәҵаразы аусурақәа ирылагоит. Даҽы ҩнык ахыб ааха аиуит, аха уи араион абиуџьет амчала аиҭашьақәыргылара ҳалшоит", - иҳәеит Аршба.

Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба иажәақәа рыла, уажәтәи аамҭазы иҟалаз аԥхасҭа ахышәа-аҵышәа аилкааразы ашәҟәқәа аиқәыршәара иаҿуп. Аҭыԥантәи абиуџьет алшара амаӡам арҭ аусурақәа рзы аԥара азоужьра, уи азы ареспубликатә биуџьет аҟнытә ацхыраара ҟаҵахоит, иҳәеит иара.

© Foto / Владислав АршбаТҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит - Sputnik Аҧсны
1/3
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
© Foto / Владислав АршбаТҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит - Sputnik Аҧсны
2/3
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
© Foto / Владислав АршбаТҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит - Sputnik Аҧсны
3/3
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
1/3
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
2/3
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит
3/3
Тҟәарчал аҩнеихагылақәа руак ахыб аԥша иақәнахит

Аԥша аԥхасҭа знаҭаз хә-еихагылак иҟоу аҩны ахыб ԥсахын 2011 шықәсазы. Аҩны ақә зынӡа ишақәхугьы ақәа кылсӡом, ажәытә хыбра ахьеиқәхаз иахҟьаны, азгәеиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0