Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

© Foto / АПСНЫПРЕССПрезидент Аслан Бжания посетил сегодня ЦСН СГБ РА
Президент Аслан Бжания посетил сегодня ЦСН СГБ РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵоижьҭеи 23 шықәса ҵит.

АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵоижьҭеи 23 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Ашәарҭадаратә Маҵзура Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵан 1996 шықәса рзы. Ацентр азырхоуп адиверсиа-террористтәи абандиттәи гәыԥқәа рҿагылара.

© Foto / официальный сайт президента Республики Абхазия Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
1/2
Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит
© Foto / АПСНЫПРЕССАслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
2/2
Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит
1/2
Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит
2/2
Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

"Ари аныҳәамш аҽны иаҳгәалаҳаршәоит зуалԥшьа анагӡараан иҭахаз Ацентр аруаа. Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит",- иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Атәыла ахадара рнапынҵақәа рынагӡареи, Аконституциа ахьчареи, ауаажәларра ршәарҭадара аиҿкаареи рылшоит иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аруаа, дара аҽазыҟаҵара ҳаракы рымоуп ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа аофицарцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, русураҿ ақәҿиарақәа, аҭынчра.

Ажәабжьқәа зегьы
0