Урыстәыла ашьапылампыл азы ачемпионс дҟалеит аԥсуа шьапылампыласҩы

© Foto / bobsoccerЗаур Тарба
Заур Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Анапаҵаҩра
Апрофессионалтә шьапылампылтә клуб ЦСКА "Спартаки" иареи рыхәмарраҿы еиҭахеит ашьапылампыл азы аҿар рыбжьара Урыстәыла 27-тәи ачемпионат аан лаҵара 23 рзы, убри алагьы атурнир аҿы заанаҵ иаиааит.

АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа шьапылампыласҩы Заур Ҭарба Апрофессионалтә шьапылампылтә клуб ЦСКА даланы ашьапылампыл азы аҿар рыбжьара Урыстәыла дачемпионхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Атур иалагӡаны ари аклуб 65 очко арҳаит, атурнир нҵәаанӡагьы ичемпионхеит.

18 шықәса зхыҵуа ахьчаҩбжа Заур Ҭарба Апрофессионалтә шьапылампылтә клуб ЦСКА аконтракт инапы аҵаиҩит 2021 шықәса хәажәкырамзазы, уи рашәара 30 2023 шықәсанӡа амч амазаауеит. Ҭарба аҟәатәи акоманда "Нарҭ" дааӡамҭоуп, иазыҟаҵаҩ Радион Аҩӡба иакәын.

Аԥсны Ашьапылампыл азы афедерациа аинтервиу аҭоу, Ҭарба иазгәеиҭеит иара хықәкы хадас ишимоу ЦСКА акоманда хада далаларц.

Заур Ҭарба - еицырдыруа аԥсуа шьапылампыласҩы Саид Ҭарба иԥа иоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0