Аԥсны ААР иҿаԥнаҽуеит амилициа аусзуҩцәа атурист ддыргәаҟуан ҳәа игәараҵоу аинформациа

© Sputnik Патрульные машины МВД Абхазии
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
"Медиазона" иакьыԥхьит Санкт-Петербургтәи аԥсшьаҩы Артиом Русских 2021 шықәса мшаԥымзазы Гагра амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит анаркотикқәа алаирҵәоит ҳәа иҟаз агәаанагаразы, дыргәаҟны аинформациа имхра аҽазышәра ыҟан ҳәа.

АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаҿаԥырҽуеит Урыстәыла атәылауаҩ Артиом Русских Гагра, амилициа аусзуҩцәа дрыпҟеит ҳәа игәараҵо аинформациа.

Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Гагра атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара аплан Аԥсны ААР аминистр идгалоуп

Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы ишырҳәо ала амаҵзуратә гәаҭараан ишьақәыргылан абри аамҭазы Русских Гагра араионтә ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы днаган ихаҭара ашьақәыргыларазы, иара атуристтә ԥсшьарҭақәеи амаршрутқәеи рынҭыҵ иҟазаара иахырҟьаны.

"Мамзышьха иахьаҵанакуа аҭыԥқәа уахи-ҽни амилициатә патруль ахылаԥшра мҩаԥыргоит азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи раԥырҟәҟәааразы, хаҭала изакәанымкәа анаркотикқәеи аԥсихотроптә хархәагақәеи реикәыршара алмыршаразы. Аҷаԥшьаратә хәҭахьы инарго ахьҭарыҩуа ажурнал аҿы иарбан атәылауаҩ Русских А. А. 2021 шықәса мшаԥы 7 асааҭ 18:20 азы аҷаԥшьаратә гәыԥ дышнаргаз, аҭагылазаашьа анеилкааха ашьҭахь, асааҭ 20:40 ихы дшақәиҭтәыз", - рҳәеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Абри аинформациа аҭҵаара анапы алакуп Аԥсны ААР ахатәшәарҭадара аусбарҭа, урыстәылатәи АИХ ахаҭарнак иҟынтәи азыҳәа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара Русских ихаҭа иҟынтәи зыҳәа аусбарҭахь инашьҭым.

"Медиазона" асаит аҿы лаҵара 24 рзы икьыԥхьын Артиом Русских иҩызцәеи иареи Мамзышьхаҟа ихалеит аҭыԥ ԥшӡарақәа рҿы рфотосахьақәа ҭырхырц. Ара иҟоу абырзен жәытә ԥсыжырҭа абаразы уахь инеиз иҩызцәа дрыцрыҵит, Русских иааԥсара иахҟьаны. Ахәылбыҽха иҩызцәеи иареи шеивнагаз еилкааны амҩа даныланы ашьхарантә дылбаауан, усҟан ауп амилициа аусзуҩцәа аниқәшәозгьы.

Русских иажәақәа рыла азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа автомашьына дҭаланы аҟәшахь дрыцнеирц иарҳәеит ихаҭара ашьақәыргыларази ишәҟәқәа ргәаҭарази. Аҿахәҿыхраан амилициа аусзуҩцәа иара Аԥсныҟа иара шьаҭас иамоуи, анаркотикқәа алаирҵәо иалаимырҵәо ҳәа иазҵаауан. Асасааирҭаҿтәи иномер аҿы агәаҭара мҩаԥган.

"Медиазона" ишаҩуа ала амилициа аҟәшахьы инеиит Русских иԥсы ицызшьоз аҭыԥҳацәа. Дара иара дрыԥшааит иҭел агеолокациа ала. Атурист доурышьҭит, аха нас амилициа автомашьына рыхьӡан ақьаадқәа рхарҭәааразы деиҭахынҳәырц иарҳәеит. Аҿахәҿыхра кыдцарыла имҩаԥган. Рызҵаарақәа аҭак анырмоу амилиционерцәа Русских абнарахь дганы дрыпҟеит, атапанча иҿакны ддырҳәацәон, аӡы дӡаадырҟәрылон ҳәа. Атурист иҿы иқәшаҳаҭымхеит. Асааҭ 6:00 рзы иҩызцәеи иареи Урыстәыла аҳәаахь инаганы иоурышьҭит.

Русских шәачатәи аклиникақәа руак аҿы амедицинатә гәаҭара дахыжьын: иваҵкьарақәа хԥа ԥҵәоуп, иҷаҷа ааха амоуп, ицәеижь аҿы ашәытарақәа азгәаҭоуп. Атуристцәа Урыстәыла Апрокуратура хадахьы, Аԥсны Апрокуратура хадахьы арзаҳалқәа рҩит ҳәа аҩуеит акьыԥхьымҭа. Sputnik азыԥшуп ари аинформациа Аԥсны Апрокуратура хада аҭак шыҟанаҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0