Борис Адлеиба диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа рыплан азырхиоуп

© Sputnik / Юрий Абрамочкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. Первый секретарь Абхазского обкома КП Грузии Борис Викторович Адлейба (1931-1990 гг).
Абхазская АССР. Первый секретарь Абхазского обкома КП Грузии Борис Викторович Адлейба (1931-1990 гг). - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
Борис Адлеиба – иналукааша асоветтә ҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Борис Адлеиба диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа разырхиаразы аилатәара мҩаԥигеит.
Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура ателеграмм-канал.

Аиубилеитә уснагӡатәқәа разырхиаразы Аҳәынҭкомиссиа аилатәара мҩаԥган лаҵара 27 азы.

Ирылацәажәан Борис Адлеиба диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа рыплан.

Иӡбан агәалашәаратә хәылԥази, афотоцәыргақәҵеи, аиубилиар изку ашәҟәы аӡыргареи рымҩаԥгара.

Ауснагӡатәқәа рыплан алацәажәара иалахәын Борис Адлеиба иԥа Асҭамыр Адлеиба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, акультуреи аҭҵаарадырреи рызҵаарақәа рзы ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа, уаанӡатәи аԥыза-министр Виачеслав Цыгәба.

Иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Борис Адлеиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2019
Ауаҩы иацәажәашьа иақәшәоз, зус здыруаз: Борис Адлеиба изы ажәа

Борис Адлеиба диит ԥхынгәы 15, 1931 шықәса рзы Аҟәа. Краснодар далгеит зегьеидгылоутәи аиуристтә институт. Иуаажәларратәи иҳәынҭқарратәи усура хациркит акомҿар рҟны аусурала. Очамчыра араиони Тҟәарчал ақалақьи рҟны апартиатә усура дахагылан.

1965- 1969 шықәсқәа рзы Адлеиба Акоммунисттә партиа Аҟәатәи ақалақьтә еилакы аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1971 - 1975 шықәсқәа рзы акомпартиа Очамчыратәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ, анаҩс, 1977 шықәсанӡа – акомпартиа Тҟәарчалтәи агорком актәи амаӡаныҟәгаҩ.

1977 шықәсазы Борис Адлеиба Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

1978 шықәсазы Аԥснытәи АССР  апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс дҟарҵоит.

Хәажәкыра 18 1989 шықәсазы Лыхны имҩаԥысуаз жәлар реизараҿ Адлеиба аԥсуа жәлар рхалахатәҳәаақәҵаразы ашәҟәы инапы аҵеиҩит.

Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь депутатс хынтәны далырххьан.

Борис Адлеиба иԥсҭазаара далҵит абҵара 16 1990 шықәсазы Москва.

Ажәабжьқәа зегьы
0