"Аԥсны ҟаԥшь" аиубилиарцәа ирызку афотоцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа

© Foto / Руслан ХашигСоюз журналистов Абхазии готовит памятную фотовыставку, посвященную юбилейным датам журналистов, работавших в разные годы в газете "Апсны капш".
Союз журналистов  Абхазии  готовит памятную фотовыставку,  посвященную юбилейным датам  журналистов, работавших в разные годы в   газете Апсны капш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал хадаҟны лаҵара 31 асааҭ 13:00 азы иаадыртуеит афотоцәыргақәҵа "Аԥсны ҟаԥшь" аиубилиарцәа ирызкны. Аҭаара алшоит рашәара 4 рҟынӡа.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи амаҵзура "Апсныпресс-АРТФ" еицымҩаԥыргоит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал хадаҟны афотоцәыргақәҵа "Аԥсны ҟаԥшь" аиубилиарцәа ирызкны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

"Ажурналистцәа реидгыла хықәкыс иамоуп аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуаз ажурналистцәа ргәаларшәара. Ари аиубилеитә рыцхәқәа ирыдҳәалоуп. Убас, 2021 шықәсазы "Аԥсны ҟаԥшь" уаанӡатәи аусзуҩцәа ааҩык риубилеиқәа ыҟоуп. Руфеҭ Маҳҭы-иԥа Быҭәба сынтәа 95 шықәса ихыҵуазаарын. Иара агазеҭ редактор хадас дыҟан, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аԥхьатәи ахантәаҩ иакәын. 1967 шықәсанӡа иара Қырҭтәыла Ажурналистцәа реидгыла иаҟәшаны иҟан. Аԥсны ажурналистцәа реидгыла актәи аизара ду мҩаԥганы хаз игоу структураны аҽеиҿнакааит, иаргьы актәи ахантәаҩыс далхын", - ҳәа иҳәоит иара.

Анаҩс иара апартиатә усурахь диасуеит, апартиа Аҟәатәи араиком амаӡаныҟәгаҩыс, апартиа Аԥснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩыс аус иухьан.

Борис Максим-иԥа Ҭыжәба, Давид Ҟараман-иԥа Киут рыԥсы ҭаны иҟазҭгьы сынтәа 90-90 шықәса рхыҵуазаарын. Владимир Антипа-иԥа Чуаз, Рамиз Семион-иԥа Барцыц, Нарасқәуа Гьаргь Махаз-иԥа, Сарион Хыгә-иԥа Ҭаркьыл 85 шықәса рхыҵуазаарын, Виктор Кәакәасқьыр – 70 шықәса. Дара зегьы рыԥсҭазаара "Аԥсны ҟаԥшь" иадҳәалан.

"Давид Ҟараман-иԥа Киут иџьаусшәҟәы аҿы ҩ-ҭаҩрак ануп, рыҩбагьы "Аԥсны ҟаԥшь" иадҳәалоуп", - ҳәа иҳәоит Руслан Ҳашыг.

Газета Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2022
Амилаҭи абызшәеи реиқәырхаразы: агазеҭ "Аԥсны" 103 шықәса ахыҵит

Руслан Ҳашыг иҳәеит ацәыргақәҵаҿ зыӡбахә ҳәоу реиҳараҩык аус шрыциухьаз.

"Арҭ ауаа асовет аамҭа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы агазеҭ аҿы аус руан. Рыбжаҩык аибашьра аамҭазгьы агазеҭ аҭыжьра еиԥырымҟьеит. Аибашьра ашьҭахь агазеҭ "Аԥсны" аҿы аус руан. Ажурналистцәа реидгыла иауалны иаԥхьаӡоит арҭ ауаа рҭынха иахьатәи абиԥарақәа ирбо-ираҳауа иҟаларц", - ҳәа иҳәеит иара.

Ацәыргақәҵаҿы иҟоуп алшара асовет аамҭа иаҵанакуаз агазеҭқәа рбаразы, ицәыргоуп агазеҭ "Аԥсны" актәи аномер. Аматериалқәа Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иатәуп.

"Хықәкыс иҳамоу агазеҭ "Аԥсны", иааидкыланы амилаҭтә журналистика аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыдгылараҿы актуалра шаҵоу аарԥшроуп, избанзар абри агазеҭ заҵәык ауп инҭкааны иаԥсыуа газеҭны иҟоу", - ҳәа иҳәеит Ҳашыг.

Руслан Ҳашыг иара убасгьы иҳәеит рашәара 1 аҟынӡа ААУ ажурналистика аҟәша астудентцәа рзы имҩаԥгахараны ишыҟоу амилаҭтә газеҭ аҿы аус зуаз ажурналистцәа ирызку алекциақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0