Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи иӡыз атурист иԥшааразы идәықәлеит

© Foto / facebook/МЧС Абхазии МЧС Абхазии продолжает мониторинг территории предполагаемого нахождения российского туриста
МЧС Абхазии продолжает мониторинг территории предполагаемого  нахождения российского туриста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов ашьхараҿы дыӡит лаҵара 12 рзы, Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ имҩаԥыргаз аԥшаарақәа макьана илҵшәадоуп.

АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи ашьхараҿы иӡыз урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшааразы идәықәлеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Улиана Елфимова.

Елфимова лажәақәа рыла аԥшаарақәа мҩаԥыргоит жәҩык, дара ҩ-гәыԥкны рҽеиҩыршеит,  Мрагыларатәи Гәымсҭа ахахьгьы аԥшаарақәа ирыцырҵоит. Гәыԥк Аҟәаҟа ихынҳәоит ашәахьа, лаҵара 31 рзы, аҩбатәи агәыԥ- аҩаша, рашәара 1.

"Аҩашанӡа Владимир даҳзымԥшаар, ахаша аԥшаарақәа ирыцызҵаша ауаа ҳтаххоит, избан акәзар, агәыԥ зегь рҟынтә ара даанхоит аԥышәа змоу аинструктор, альпинизм азы аспорт азҟаза Максим Вафин. Егьырҭ рыҩныҟа игьежьуеит", - лҳәеит лара.

Елфимова иазгәалҭеит, Аԥсны АҶА ахь адырра шыҟарҵаз рмаршрут азы.

© Foto / МЧС РААԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи иӡыз атурист иԥшааразы идәықәлеит
Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи иӡыз атурист иԥшааразы идәықәлеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи иӡыз атурист иԥшааразы идәықәлеит

Урыстәылатәи атурист иԥшаара зҽалазырхәырц агәаҳәара змоу аинформациа роур ҟалоит абри аҭел ала +7 922 603-55-85.

Аԥсны АҶА урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҵакыраҿы аԥшаарақәа ирыцнаҵоит. Гәымсҭа ахы ахьыҵнахуанӡа иҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥрааны игәарҭеит иӡыз атурист Владимир Улианов дыҟазар ауеит ҳәа ирымоу агәаанагара инақәыршәаны. Аиқәырхаҩцәа ирхаԥрааны игәарҭеит аӡиас Бзыԥ аладатәи акаҵәарақәеи ианыхынҳәуаз Кьалашәыр амшын алаларҭаҟынӡеи. Аха уеизгьы лҵшәа ҳәа акгьы рмоуит.

МЧС Абхазии продолжает мониторинг территории предполагаемого нахождения российского туриста - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭалоит урыстәылатәи аволонтиорцәа

Аԥсны ашьхараҿ иӡыз атурист Владимир Улианов иҩызцәа иԥшаара иацырҵарц алаҳәара ҟарҵеит аволонтиорцәа реизгарази аԥареизгарази.  Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара. АҶА аԥшааҩцәеи  аинструктор Анна Гилевои Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеиит. Аиқәырхаратә команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит.

Урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ихынҳәит. Агәыԥ аинструктор Анна Гилева адырра рылҭеит асоура ӷәӷәеи акырцхи шрыхьӡаз, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, уа дырзыԥшын Улиановгьы. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц. Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтәи. Атуристтә гәыԥ иалахәын Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0