Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара иалахәуп

© Foto / facebook / МЧС АбхазииСотрудники пожарно-спасательной части села Псху
Сотрудники пожарно-спасательной части села Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов Аԥсны ашьхақәа рҿы дыӡит лаҵара 12 рзы, Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аԥшаарақәа лыҵшәа рмоуит.

АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара иалахәуп, Владимир Улианов дыҟазар алшоит ҳәа иԥхьаӡаз амаршрутқәа руак аҿы аԥшаарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Дара аӡиас Бзыԥ иаваршәны Грыбзеи иареи реилаларҭаҟынӡа инеиит. Амаршрут хырхарҭак 40 километра аҵанакуеит. Аԥшаарақәа уажәгьы илҵшәадахеит.

Иара убри аамҭазы Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи ашьхараҿы иӡыз урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшааразы идәықәлеит. Аԥшаарақәа мҩаԥыргоит Мрагыларатәи Гәымсҭа ахахьгьы.

Урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ихынҳәит. Агәыԥ аинструктор Анна Гилева адырра рылҭеит асоура ӷәӷәеи акырцхи шрыхьӡаз, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, уа дырзыԥшын Улиановгьы. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0