Аԥсны автотранспорт аҭаҩраз аршаҳаҭга абланкқәа рыхәԥса шьақәдыргылеит

© Sputnik / Леон Адлейба Машины на дороге
Машины на дороге  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР Аҳәынҭавтоинспекциа лаҵара 21 инаркны автотранспорт аҭаҩратә паспорт ҿыцқәа рыҭара иалагеит.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Автотранспорт аҭаҩраз аршаҳаҭга абланк ҿыцқәа рыхәԥса шьақәдыргылеит, уажәшьҭа 822 мааҭ иаԥсахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба.

Иара иазгәеиҭеит автотранспорт аҭаҩра ҩеижәа минуҭ еиҳамкәа аамҭа шаҭаху.

Аԥсны ААР Аҳәынҭавтоинспекциа лаҵара 21 инаркны автотранспорт аҭаҩратә паспорт ҿыцқәа рыҭара иалагеит.

Ахархәага ҿыцқәа адокумент ахьчара ҳарак арҭоит, жәларбжьаратәи аконвенциа "Амҩатә ныҟәараз" иақәшәо иҟарҵоит, ииаргоит атранспорт хархәагақәеи амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭгақәеи рцифратә еилыргара асистемахь.

Отличительный знак сотрудников МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Аԥсны рыҭара иалагоит амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭга ҿыцқәа

Убри аан ари аус атәылауаа рзы уадаҩраки финанстә шәараки амам.

Адокументқәа рыбланкқәа ҳаамҭазтәи амыругақәа рҿы иҟарҵоит, жәларбжьаратәи астандарт иақәшәоит, аԥаршеира алнаршом.

Аԥсны ААР аҿы ирҳәоит аҿыц бланкқәа рылагалара ишаанамго ажәытәқәа рыԥсахра.

"Ажәытә документқәагьы ахрархәара ҟалоит аҿыцқәа инарываргыланы. Маҷ-маҷла иԥсаххалоит. Уаанӡатәи аҿҳәара цахьазар ауп аҿыц ала ианырыԥсахуа (жәа-шықәса ҳәа ирырҭо амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭгатә зин аиԥш), мамзаргьы атранспорт хархәага зхатәу иҭаххарала", - рҳәоит аусбарҭаҿы.

Ахархәага ҿыцқәа адокумент аа-ҩаӡаракны иҟоу ахьчара ҳарак арҭоит, уи иалнаршом аԥаршеи документ аҟаҵара, ҳаамҭазтәи ахархәагақәа рыла жәларбжьаратәи аконвенциа "Амҩатә ныҟәараз" иақәшәо иҟарҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0