Аволонтиорцәа злахәыз урыстәылатәи атурист иԥшаара лҵшәадахеит

© Sputnik / Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗима в Абхазии
Зима  в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Анапаҵаҩра
Жәҩык ауаа злахәыз агәыԥ ҩбаны аҽшаны лаҵара 30 рзы атурист иԥшаара амҩа иқәлеит. Актәи агәыԥ рыԥшаарақәа хдыркәшеит лаҵара 31 азы, аҩбатәи – рашәара 1 азы.

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов аволонтиортә гәыԥқәа алархәны имҩаԥыргаз иԥшаарагьы лҵшәа амам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Ашьхара-бнаратә зонахь ихалеит. Аҭыԥ уадаҩрақәа рахь имнеит, избанзар дара профессионалтә ԥшааҩцәам. Ҳаргьы иарабжьаҳамгеит аҵааршәыратә зонахь ихаларц", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аволонтиорцәа ршәарҭадаразы дара мҩаԥыргон Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа. Уажәы агәыԥ шьҭахьҟа игьежьит, ԥхьаҟа урҭ аԥшаарақәа ирылахәхом ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы.

Поездка на Рицу и Ауадхару - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Москвеи Питери рҟынтәи аволонтиорцәа атурист иԥшаара рҽаладырхәуеит

Екатеринбургтәи Владимир Улианов дызлахәыз урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк, Владимир Улианов, имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ишыхынҳәуаз.

Агәыԥ аинструктор Анна Гилева лдыррала, асоура ӷәӷәеи акырцхи рыхьӡеит, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, Улианов дахьырзыԥшыз. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.

Сотрудники пожарно-спасательной части села Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара иалахәуп

Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара.

АҶА аԥшааҩцәеи аинструктор Анна Гилевои Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеит. Аиқәырхаратә команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит. Аха иӡыз атурист дырзымԥшааит. Абри ашьҭахь лаҵара 28 азы Аԥсны АҶА урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҵакыраҿы аԥшаарақәа ирыцнаҵеит, дыҟазар ахьауаз аҭыԥқәа верталиотла ирхаԥраауан, иара убасгьы Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара рҽаладырхәит, аха зегь лҵшәадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0