Аԥснытәи аруаа аминеиҵыхразы Москватәи афорум иалахәуп

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСаперы инженерных войск.
Саперы инженерных войск.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2021
Анапаҵаҩра
Москва, Атәылахьчара аминистрра апарк "Патриот" аҿы агуманитартә минеиҵыхраз Жәларбжьаратәи аконференциа мҩаԥысит.

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа рҽаладырхәит агуманитартә минеиҵыхраз аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи аконференциа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Роланд Џьоџьуа.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа алақәа рыцырхырааны аминақәа рыԥшаауан - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2020
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа алақәа рыцырхырааны аминақәа рыԥшаауан

Атәылақәа рхаҭарнакцәа ртеориатә ԥышәа еимырдеит аилатәарақәа рҿы. Афорум аҿы ирылацәажәан аҭынч уааԥсыра рзы ашәарҭадара аԥырҟәҟәаара апроблемеи аминаҵхыҩцәа рыпрофессионалтә ҩаӡара ашьҭыхра апроблемеи.

Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала ари атема Аԥсны азгьы иактуалуп. Аусурақәа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы имҩаԥысуеит, ианхыркәшахо ҳәагьы макьаназ еилкаам. Ус шакәугьы иахьазы аминақәа зегьы ыҵхуп ҳәа узҳәом.

"14 000 минеи 100 нызқь авиабомбеи аснариад маҷқәеи аибашьра ашьҭахь еиҵырххьеит. Ус шакәугьы макьаназ аусурақәа рацәоуп", - иҳәеит Аԥсны АА анџьныртә маҵзура аиҳабы, аделегациа ахаҭарнак Аркади Карапетиан.

Афорум аҿы аруаа идырбан иҿыцӡоу атехника ҷыда.

"Иахьатәи аамҭазы арратә техника иласны аҽеиҭанакуеит. Иахьазы иактуалу атехника уаҵәы ихәарҭамхар ҟалоит. Асеиԥштәи аконференциақәа мҩаԥгалатәуп арратә техника аҿиара атәы адырразгьы", - иҳәеит Карапетиан.

Аԥснытәи аррамаҵзурауааи Бразилиа, Индиа, Шьамтәыла рҟынтәи рколлегацәеи еинырит, аинформациеи рԥышәеи еимырдеит.

Аԥснытәи аделегациа раԥхьаӡа акәны ари афорум иалахәын.

Москва, Атәылахьчара аминистрра апарк "Патриот" аҿы агуманитартә минеиҵыхраз Жәларбжьаратәи аконференциа мҩаԥысит.

Сынтәа иара иалахәын 24 тәыла рхаҭарнакцәа, жәларбжьаратәии иеиҳабыратәымии аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0