Бзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит

© Foto / Facebook/Апсабара ЭкоБзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит
Бзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа иҟарҵаз ахәшьарала, иахьазы Аԥсны ашыц ахьеизҳауа адгьыл 500 гектар иҟоуп, уи жәантә еиҵоуп ашыц хызшьаауа ахәаҷа Аԥсны ицәырҵаанӡа иҟаз амҽхак аасҭа.

АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Бзыԥтәи аҩхааҿы аволонтиорцәа ашыц 50 шьапы еиҭарҳаит Аеколог имш аҳаҭыр азы асабша рашәара 5 рзы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара Еко"ахантәаҩы Асҭанда Џьниаԥҳа. 

"Ҳара агрант ҳаиааин, ԥшьышықәса раԥхьа Мгәыӡырхәа ақыҭан иҳамоу аекологиатә база "Аԥсабара" аҿы еиҭаҳҳаит ашыц еиҭаҳатә. Урҭ наган асабша Бзыԥтәи аҩхааҿы еиҭаҳҳаит. Ҳара ирацәаны аиҭаҳатәқәа ҳаман, ашыцгьы, апальмақәагьы, аха шықәсқәак раԥхьа цәгьахәыцҩык ҳтеплицаҿы агербицидқәа рылеиҭәан, аҵиаақәа рыбжак ԥхасҭахеит. Ҳара наҟ-наҟгьы ҳгәы иҭоуп Бзыԥтәи аҩхааҿы уаҩ дахьзымнеиуа аҭыԥқәа рҿы ашыц иҵегьы аиҭаҳара", - ҳәа азгәалҭеит Џьниаԥҳа.

© Foto / Facebook/Апсабара ЭкоБзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит
Бзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит - Sputnik Аҧсны
1/4
Бзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит
© Foto / Facebook/Апсабара ЭкоБзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит
Бзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

Лара ишазгәалҭаз ала, ашыц ашьшьыҳәа иазҳауеит, иара иақәнагоу аԥхарра азаԥҵатәуп атеплицаҿы. Иара убас лара лажәақәа рыла, Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҿы Бзыԥтәи аҩхаа иахьаҵанакуа уаанӡа ашыц хызшьаауаз ахәаҷа анырҵәаразы ахәшәқәа ахьақәырҭәоз аҭыԥқәа рҿы ашыц еиқәхеит. Пицунда ус еиԥш ашыц зеиқәымхеит, избанзар усҟан иақәнагаз аусурақәа уаҟа имҩаԥырымгаӡеит.

Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц — реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьы-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак иазҳауеит.

Ашыц хызшьаауа ахәаҷа мцаԥшь Аԥсны ицәырҵит 2021 шықәсазы Шәачантәи. Аолимпиатә комплексқәа рыргылараан Урыстәыла Италиантәи иаахәаны иаанагаз ашыц еиҭаҳатә китаитәин, уи иалан ашыц иаԥырхагоу ахәаҷа мцаԥшь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0