Аԥсны аихамҩа сынтәа актәи аԥшьбарак азы иарҳаз бжьынтә еиҳауп ҵыԥх аасҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукЖелезная дорога
Железная дорога - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара аанкылан ҵыԥх хәажәкырамза аахижьҭеи акоронавирус алаҵәаразы ашәарҭара ахьыҟаз азы. Адәыӷбақәа ҩаԥхьа иныҟәо иалагеит нанҳәа 7 2020 шықәсазы.

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсны аихамҩа" 2021 шықәса актәи аԥшьбарак азы иарҳаит 24 755 802 мааҭ, 2020 шықәса абри аамҭазы иарҳаз 3 474 460 мааҭ роуп, абри атәы аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы ицхырааҩ Октаи Хазириши.

"2019 шықәса актәи аԥшьбарак азы АУН "Аԥсны аихамҩа" аҟәшақәа идырҳаит 15 383 017 мааҭ, 2020 шықәса актәи аԥшьбарак азы – 3 474 460 мааҭ, 2021 шықәса актәи аԥшьбарак азы акәзар - 24 755 802 мааҭ. Арҳамҭақәа 2019 шықәса раахыижьҭеи шаҟа еизҳаз иаразнак иубартә иҟоуп", - иҳәеит Хазириши.

Ҵыԥх хәажәкыреи нанҳәеи ирыбжьаркыз аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара аанкылан акоронавирус апандемиа иахҟьаны.

Убри аан аидарамҩангарақәа рҟынтәи арҳамҭа 2019 шықәса актәи аԥшьбарак азы иартәеит 9 600 000 мааҭ, 2020 шықәса актәи аԥшьбарак азы – 1 960 100 мааҭ, сынтәа убри аамҭазы - 19 528 664 мааҭ.

Хазириши иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы иааиуа аԥара еиҳа-еиҳа ишацло, еиҳарак арендазы иршәо аҟынтәи. Иара иажәақәа рыла, хымз ирылагӡаны ауал зқәыз ахаҿқәа рыԥшаара хықәкыла рҽазкны иҟан.

Сухумский вокзал. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Аихамҩатә кредит азы Аԥсны ауал ашәашьа иалацәажәеит Урыстәыла афинансқәа рминистрраҿы

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит "Аԥсны аихамҩа" акоммерциатә ҟәша анаплакы уаанӡа 200 нызқь мааҭ рҟынӡа мызкахьы иаанагозҭгьы, иахьазы уи иаанаго 800 нызқь мааҭ иреиҳауп.

"АУН "Аԥсны аихамҩа" Аԥсны адгьылхархәаҩцәа зегьы иреиҳауп, убри ҭакԥхықәрала иазнеитәуп,  хара имгакәа адгьылҭыԥқәа арендала изго шьоуки ҳареи ҳаиқәшаҳаҭрақәа аԥаҳхырц ҳгәы иҭоуп", - инациҵеит Хазириши.

Аусбарҭа аиҳабы ицхырааҩ аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" ишазеиҭеиҳәаз ала, Ԥсоу инаркны Аҟәанӡа аихамҩатә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу хымз рахь знык игәанаҭоит "Урыстәылатәи аихамҩақәа" иртәу, иҷыдоу аппаратура зқәыргыланы аҭҵаарақәа мҩаԥызго адәыӷба. Уи имҩаԥнаго агәаҭарақәа аныхдыркәшо, иагу-иабзоу шьақәыргыланы асиа ҟарҵоит, анаҩс акрагзар, Аԥсны аихамҩа аусбарҭа аҭыԥ иқәнаҵоит.

Абасала, иахьазы Аацы иалсуа аӡиас Ааԥсҭа иху ацҳа акапиталтә ремонт азура иаҿуп, рашәарамза анҵәамҭазы ихдыркәшоит ҳәа ргәы иҭоуп.

Хазириши иара убас иазгәеиҭеит Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа иалсуа аихамҩагьы ус ишнырмыжьуа. Иахьазы "Аҟәа - Очамчыра" ибжьанакуа аихамҩатә цәаҳәа агабаритқәа ррыцқьара мҩаԥысуеит: 54 километра иҟоу ари аихамҩа ахәҭа ахьтә 12 километра аужәра ахыҵәан иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0