Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҩбатәи аикәшара иалагеит рашәара 7 рзы

© Sputnik / Марианна Кубрава Футбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат иалахәуп акомандақәа ааба: "Саӡ" – Цандрыԥшь, "Гагра" – Гагра, "Афон" – Афон ҿыц, "Риҵа" – Гәдоуҭа, "Динамо" – Аҟәа, "Нарҭ" – Аҟәа, "Самырзаҟан" – Гал, "Шахтиор" – Тҟәарчал.

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат аабатәи атур ахәмаррақәа ирылагеит ашәахьа рашәара 7 рзы Аҟәа астадион "Динамо" аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашьапылампыл азы афедерациа.

Атурнир аҩбатәи аикәшара, ма аабатәи атур, иалагеит аҳҭнықалақь акоманда "Динамо"-и цандрыԥшьтәи "Саӡ"-и рыхәмаррала.

Рашәара 8 рзы "Афон" ирындаҭлоит ачемпионат аҿы уажәазы актәи аҭыԥ аҿы игылоу "Гагра".

Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
"Гагра" ашьапылампыл азы ачемпионат атурниртә таблица ахаҿы игылоуп

Ахаша рашәара 9 рзы Очамчыра Витали Дараселиа ихьӡ зху астадион аҿы ихәмаруеит тҟәарчалтәи "Шахтиори" аҟәатәи "Нарҭи".

Аабатәи атур аҵыхәтәантәи ахәмарраҿы еиқәшәоит гәдоуҭатәи "Риҵеи" галтәи "Самырзаҟани". Ахәмарра мҩаԥысуеит рашәара 10 рзы Гәдоуҭатәи Лев Ажьиба ихьӡ зху астадион аҿы.

Адырраҭараҿы иазгәарҭоит ахәмаррақәа зегьы ишрылаго асааҭ 17:30 рзы.

Мшаԥы 20 инаркны абҵарамзанӡа имҩаԥысуа Ашьапылампыл азы XXVIII ачемпионат иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи акомандақәа ааба.  

Ажәабжьқәа зегьы
0