Атуристка дахькаҳаз аҭыԥ аҿы амаакыра ықәдыргылоит

© Foto / МЧС Абхазии Поиски туристки в районе реки Гега
Поиски туристки в районе реки Гега  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Бзыԥ аиҩхааҿы хымшуп аӡы иагаз атуристка Дариа Манасова лыԥшаара иаҿуижьҭеи. Аԥсшьаҩы аӡиас Иаӷьа далаҳаит амҽыша рашәара 6 рзы.

АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә парк анапхгара урыстәылатәи атуристка дахькаҳаз аҭыԥ аҿы амаакыра ықәдыргылоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

 Поиски Дарьи Манасовой в Бзыбском ущелье  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2021
Аӡиас иагаз атуристка лыуацәа Аԥсныҟа иааит

"Арыцҳара ду ҟалеит. Ауаҩы дҭахеит. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы зехьынџьара аӡы ииасны ицоит. Иаакәыршаны амаакырақәа узаҭом. Иара ацҳа ахаҭаҿы, ҳәарада, амаакырақәа ықәҳаргылоит", - иҳәеит иара.

Багаҭелиа иазгәеиҭеит ари ацҳа акыршықәса ахархәара шамамыз. Уаанӡа абна злаҭыргоз аидарамҩангага машьынақәа ықәсуан. Иара ааигәара ацҳа ҿыц хҵоуп, уи ауп ахархәара заҳҭоз иҳәеит иара.

Апарк адиректор иажәақәа рыла, агәҽанҵаратә дыргақәа даарак ирызхьаԥшуам атуристцәа. Ҿырԥшык аҳасаб ала иҳәоит афотосахьа аҭыхразы анаԥшырҭатә ҭыԥ "Абзиараз, Сыԥсадгьыл" ("Прощай, Родина"-аред.) ҳәа изышьҭо аҭыԥ шәарҭа аҿы аԥкыгақәа ишырнахало.

"Ауаа рацәаахьыҟоу ҳинспекторцәа ҷаԥшьоит, аха ари ацҳа ақәларҭаҿы егьи ацҳахь ахырхарҭа узырбо адыргақәа гылан. Ауаа уахь инеиуамызт", - иҳәоит иара.

Багаҭелиа иазгәеиҭеит апарк аӡиасқәа зегьы рахь аԥкраҟаҵара шзалымшо, аха еиҳа ишәарҭоу аҭыԥқәа азхьаԥшра рыҭахоит ҳәа.

Бзыԥ аиҩхааҿы хымшуп аӡы иагаз атуристка Дариа Манасова лыԥшаара иаҿуижьҭеи. Аԥсшьаҩы аӡиас Иаӷьа далаҳаит амҽыша рашәара 6 рзы.

Аиқәырхаратә ҟәшақәа рашәара 6 ахәылԥаз адырра шаароузҵәҟьа Бзыԥ аҩхаахь идәықәлеит. Аҽны хәлаанӡа аиқәырхаҩцәа аӡиасқәа Иаӷьеи Бзыԥи ргәаҭара иаҿын, уи иадҵны ицо амахәҭақәагьы ҭырҵааит. Аха дырзымԥшааит: Рашәара 7 азы аҭыԥ аверталиот ала иахыԥраауан. Уажәы шьхараҿы ақәа ӷәӷәаны иахьлеиуа иахҟьаны Бзыԥ аҩхаа аӡиасқәа зегьы ирыцлеит, урҭ акыр иаӷьны илеиуеит, уи аԥшаарақәа акыр идыруадаҩуеит.

Дариа Манасова лани ланшьа иԥҳаи Аԥсныҟа иааит рашәара 8 рзы. Дара Дариа Манасова аӡы дахьагаз аҭыԥ ахь инеиит, дара аԥсихологцәа аус рыдыруылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0