Аҟәа ақалақь аҟны ахаҵа дырхәит

© Sputnik Патрульные машины МВД Абхазии
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Ахҭыс ҟалеит рашәара 8 асааҭ 17.20 азы Араион ҿыц, Кьаразаа рымҩаҿы игылоу адәқьан "Данаҭ" аҿаԥхьа. Аҭыԥ змаз ахысра иахҟьаны ахаҵа ахы иқәшәеит.

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik. 2003 шықәсазы ииз Аҟәа инхо ауаҩԥсы дыхәны ахәышәтәырҭахь днагоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Ахҭыс ҟалеит рашәара 8 асааҭ 17.20 азы Араион ҿыц, Кьаразаа рымҩаҿы игылоу адәқьан "Данаҭ" аҿаԥхьа.

Аоперативтә уснагӡатәқәа ирыбзоураны Аԥсны ААР аҳҭнықалақьтә усбарҭа актәи аҟәша ашьаусԥшаареи Аԥсны ААР русзуҩцәеи ишьақәдыргылеит ацәгьара зуыз Тҟәарчал инхо, 1995 шықәса рзы ииз Кәарацхьелиа Аслан Џьамбул-иԥа иоуп ҳәа. Кәарацхьелиа даанкылоуп.

Ахҭыс азы аматериал нашьҭуп Аҟәа ААР аусҭҵаара аҟәшахьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0