Атурнир "AFL Wold Cup Kind"s -2021" аҟны аԥснытәи акоманда аиааира згаз иреиуоуп

© SputnikФутбольный мяч
Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы командақәа рыбжьара Шәача рашәара 3-9 рзы имҩаԥысуан атурнир "AFL Wold Cup Kind"s 2021".

АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Акоманда "Динамо-2" атурнир "AFL Wold Cup Kind"s 2021" аҟны аиааира агеит. Абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы.

Акоманда "Динамо-1" атурнир аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Акоманда "Динамо-2" иреиӷьу амбахьчаҩ ҳәа далкаауп Даниил Адлеиба, иреиӷьу ахьчаҩбжа – Ренат Гәлиа, иреиӷьу ахәмарыҩ – Леон Делба, иреиӷьу ажәылаҩ – Аинар Григолиа.

Акоманда "Динамо-1" аҟны иреиӷьу ассистент ҳәа рыхьӡ ҳәоуп Антон Гусеви Сулхан Барцыци, иреиӷьу ахьчаҩ – Нестор Беселиа, иреиӷьу ажәылаҩ –Савели Семионов, иреиӷьу ахәмарыҩ – Азамаҭ Саӷариа.

Ахәмарыҩцәа разыҟаҵаҩ - Мераб Кәакәасқьериа.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәбаз акоманда алахәылацәеи азыҟаҵаҩцәеи риааира рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит ԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0