Апрокуратура хада Ахра Аҩӡба ҭакрада аҿҳәара ихигарц аҳәара ҟанаҵоит

© Sputnik / Асмат Цвижба Суд Ахры Авидзба
Суд Ахры Авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡба иганахьала Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы рашәара 11 рзы ахыркәшаратә еилатәара мҩаԥысуеит. Аусхәаԥшара хацыркын лаҵара 12 рзы.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апрокуратура хада аҳәара ҟанаҵеит Ахра Аҩӡбеи иҩызцәеи ҭакрада аҿҳәара рхыргаразы ахара рыдырҵарц.

Ахрик Аҩӡба аԥышәаратә аамҭала ԥшьышықәса иқәҵаны 15 нызқьмааҭ ахараԥса аҳәынҭқарра иалеигало азыҳәа ҟаҵоуп, иҩызцәа рыԥшьҩык – шықәсык-шықәсык ҭакрада аҿҳәара ахгара рықәҵаны жәаба-жәаба нызқьмааҭ ахараԥса аҳәынҭқарра иаларгало азыҳәа ҟаҵоуп. Талех Гасанов иганахьала атәыла алҵра азин шимам азы анапынҵамҭа аԥыхзарц ҳәоуп.

Иара убасгьы аҳәынҭқарратә харадҵаҟаҵаҩ иԥхьаӡоит абџьар закәаншьаҭада аҵәахреи аныҟәгареи Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 актәи ахәҭала иахәаԥшлатәуп ҳәа.

Ахарадҵара иалхуп аҩбатәи ахәҭа – заанаҵтәи еилацәажәарала абџьар аҵәахреи аныҟәгареи.

"Ахыркәшаратә уснагӡатә – аҭакра аԥыхны, аӡбарҭа азал аҟынтәи рхы иақәиҭтәызааит", - ҳәа иҳәоит апрокурор.

Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа Ахрик Аҩӡба дшыбаандаҩыц еиҭах дааннажьит

Ахрик Аҩӡба ихьчаҩ Сергеи Белиак иазгәеиҭеит аԥхьатәи амш инаркны аҳәынҭқарратә харадҵаҟаҵаҩ обиективла ахы мҩаԥнагон ҳәа ишиԥхьаӡоз. Убри аан иколлегацәа  ари аган апозициа аԥсахуеит ҳәа иақәгәыӷуамызт. 

"Апроцесс иунарбоит Аԥсны  азинхьчаратә система иашарыла аус шауа. Агхақәа ыҟазаргьы, Апрокуратура хада ахаҭарнакцәа аиашара адгылара ахьрылдыршаз рыхьӡ шьҭнахуеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Белиак игәаанагарала, Ахрик Аҩӡба иус "аполитикатә" ҟазшьа аман.

Ахара здырҵоз рдукатцәа рықәгылараан ирҳәеит ирыхьчоз ахаҿқәа дыриашарц ахәҭаҷ 217  иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура агәра ахьрызнамыргаз азы.

Ажәа иҭан иара Ахрик Аҩӡбагьы. Иара игәаанагарала, аусҭҵааҩцәа ирзышьақәмыргылеит данааныркылоз аҽны дахьыҟаз, АШәМ ахь дызнаргаз, ахарадҵара ашаҳаҭцәа хара шимам шакәу иаадырԥшыз.

"Иаартны иаабоит ԥаршеирыла аус шеибаркыз. Иахәҭаны иҟазар акәхап аамҭақәак абахҭаҿ сыҟазаарц. Еилкаауп сара сҭакра аҳәынҭқарра ишаҭахыз, аха арҭ сҩызцәа рҭакра заҭаххазеи?" - ҳәа иҳәеит иара.

Зус рыӡбоз аҵыхәтәантәи ажәа рырҭеит. Дара зегьы ирхараҵоу мап ацәыркит.

Аӡбаҩцәа асааҭ 16:00 рҟынӡа аилацәажәаратә уадахь инеит.

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Ахара рыдҵоуп иара убасгьы Ахра Аҩӡба дзыхьчоз ԥшьҩык – Талех Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Лактионов, Станислав Культа ахара рыдырҵоит абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Лаҵара 12 азы Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба иус ахәаԥшра хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0