VII афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртуеит арежиссиортә лабораториа ала

© Sputnik / Леон Адлейба РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина
РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, апоет, афилософ Фазиль Искандер икультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" 2021 шықәсазы ҩ-етапкны имҩаԥгахоит: рашәарамзеи жьҭаарамзеи рзы.

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik. VII афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртуеит рашәара 21 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы. Атеатр иазнархиоит арежиссиортә лабораториа иқәнаргылаз ароман "Сандро Чегьемтәи" ақәыргыларақәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәоит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" 2021 шықәсазы ҩ-етапкны имҩаԥгахоит

"Акыр мза ари апроект азырхиара ҳаҿын ҳтеатр аԥышәа ацҵаразы. 2019 шықәсазгьы имҩаԥган арежиссиортә лабораториа антикатә драматургиа ала. Усҟан ауп ианиз аспектакла "Электра" аескиз, нас иара репертуартә спектакльхеит", - иҳәоит иара.

Арежиссиортә лабораториа атеатр аусуразы ихымԥадатәиу формоуп ҳәа азгәеиҭоит Хынҭәба.

Иара ишиҳәо ала, аус ҩ-напыкла еилашуеит. 40-минуҭ иҟоу аспектакль-маҷ рхиахоит.

"Ари арежиссиорцәа ҿарацәа ирхаарԥшыгоуп. Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа ирыдҳаԥхьалоит арежиссиорцәа ҿаарцәа", - ҳәа иҳәоит РУСДРАМ адиректор хада.

Апроект аԥара азоужьхоит Аԥсны акультура аминистра, аилахәыра "А-мобайл", Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр рхарџьала.

"Иахьа Урыстәыла џьаргьы иқәдыргылом аспектакльқәа Искандер ирҿиамҭақәа рыла. Ҳара аспектакль аназҳархио иара ихьӡи ирҿиамҭақәеи рыларҵәарагьы мҩаԥаагоит. Абри аганахьала ари апроект аҵакы дууп", - иҳәоит Хынҭәба.

Афестиваль алахәхаразы иааԥхьоуп ԥшьҩык арежиссиорцәа, ГИТИСи Шьчукинтәи аҵараиурҭеи роушьҭымҭацәа: Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина (ГИТИС) Антон Кириллов (Шьчукинтәи аҵараиурҭа).

Арежиссиорцәа иалырхит "Сандро Чегьемтәи" ахқәа ԥшьба: "Ацәыӡқәа" - Антон Маник, "Ҳабыгә игәыжь ажәабжь" - Антон Кириллов, "Ахәмарыҩцәа" - Ленара Гадельшина, "Ҭали – Чегьем ассир" - Роман Лыков.

РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иҳәеит апроект алахәразы ишнаԥхьоу ареспублика егьырҭ атеатрқәа рыхәмарыҩцәагьы.

VII афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртуеит рашәара 21 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы. Атеатр иазнархиоит ароман "Сандро Чегьемтәи" ала арежиссиортә лабораториа, уи аан иааԥхьоу арежиссиорцәа иддырбоит ԥхьаҟа иқәдыргылараны иҟоу аспектакль зеиԥшрахар ауа.

Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа "Ауаҩы игыларҭа" абыжьбатәи афестиваль иазкны

Афестиваль аҩбатәи аетап жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит. Иара апрограмма иалоуп Строганов ихьӡ зху МГХПА астудентцәеи аушьҭымҭацәеи рыбжьара Искандер ирҿиамҭақәа рыла имҩаԥгаз аицлабра аиааиҩцәа риуллистрациақәа рцәыргақәҵа; Аԥсны Амилаҭтә банк Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра иазкны иҭнажьыз агәалашәаратә монетақәа рцәыргақәҵа.

Уи адагьы жьҭаарамзазы Акультура аминистрреи Аҟәатәи ақәыԥшцәа Рыҩни еицымҩаԥыргоит есышықәсатәи ахәыҷқәа рыбжьара асахьаҭыхратә конкурс "Аҳа иалху ашәырӡ".

Ажәабжьқәа зегьы
0