Аԥсны акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 2772-ҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация в Абхазии
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵаҟаҵаратә кампаниа Аԥсны иалагеит лаҵара 11 рзы. Ауааԥсыра ирыларҵоит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V".

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны рашәара 11 рызтәи аҭагылазаашьала акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 2772-ҩык ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. 

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Акампаниа ахаҭа иалагеит лаҵара 11 рзы.

Лаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 70-ҩык акоронавирус рыдырбалеит Аԥсны

Алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит ҩ-етапкны, аҩынтә раан ирыларҵоит актәи алаҵа анырзыҟарҵа ашьҭахь 21 мшы анҵлак.

Алаҵаҟаҵара аҽны апациент имазар ауп зыҿҳәара мцац аԥсуа тәылауаҩшәҟәы, алаҵаҟаҵара дшақәшаҳаҭу азы анкета хаирҭәаароуп, анаҩс инапаҿы ирҭоит алаҵа актәии аҩбатәии адозақәа анизыҟарҵо арыцхәқәа ахьану. Иара убас апациент атерапевт иҟны амедицинатә гәаҭара дахысуеит - уа игәарҭоит ишьақәыӷәӷәара, ишьа аҵәыҵәри шаҟа алоу (асатурациа), ишоура ршәоит. Алаҵа изыҟаҵара алзмыршо факторс иҟоуп иарбанзаалак чымазара бааԥск ицәа иалазар.

Рашәара 11 рызтәи аҭагылазаашьала аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15711-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15026-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0