Бжьаниа инапы аҵеиҩит ачынуааи адепутатцәеи рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан

CC0 / / Человек с ручкой
Человек с ручкой - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуоит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан. Адокумент кьыԥхьуп Ахада ифициалтә саит аҟны.

Азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҿы рашәара 9 рзы.

Хәажәкыра анҵәамҭазы актәи аԥхьарала адепутатцәа азакәан ахь арҽеирақәа рыдыркылеит.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Апарламент ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан ариашарақәа аднакылеит

Ариашара хадақәа ирыҵаркуеит "адекларант иҭаацәа ахаҭарнакцәа" акатегориахь иаҵанакуа ахаҿқәа: ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса/рхацәа, зықәра намӡац/зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа/раҳәшьцәа. Анаҩс ари асиа иалхын "зықәра наӡоу адекларантцәа рыхшара". Ари иақәшаҳаҭым аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа.

Мшаԥымза анҵәамҭазы ахада Иусбарҭа азакәан апроект ишаднагалаз ариашара ҿыцқәа.

Азакәан инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы, аусбарҭа асаит аҿы иӡыргазарц. Убри аан ачынуаҩ имаҵзура данахагыла ашьҭахь, 30 мшы рыҩнуҵҟа адекларациа хаирҭәаароуп. Уи адагьы, аԥсахрақәа мҩаԥгоуп ахәҭаҷ 6 актәи ахәҭаҿы. Уи инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы. Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0