Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит

© Sputnik / Леон Адлейба Подопечные фонда "АШАНА" Братья Паразия
Подопечные фонда АШАНА Братья Паразия - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Анапаҵаҩра
Аишьцәа Ԥаразиаа ишизнатә рыӡбахә ауаа ирдыруеит. Дара роуп Владимир Путин 2009 шықәсазы Аԥсны даныҟаз Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы иидырбаз.

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аишьцәа Романи Владимири Ԥаразиаа рзы аԥареизгара хацнаркит.

Подопечная фонда Ашана  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Афонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит

Ахәыҷқәа москватәи аклиникаҿ агәаҭара рахыжьразы 315 000 мааҭ рҭахуп.

Жәаҩа шықәса зхыҵуа Романи Владимири – иузмыртәо хәыҷқәоуп. Ран Индира Барцыцԥҳа илҳәоит мышкы аҩнуҵҟа ҩынтә-хынтә ишеисуа.

Ахәыҷқәа шииз еиԥш Аԥсны еицырдыруа иҟалеит. Аишьцәа Ԥаразиаа Владимир Путин 2009 шықәсазы Аԥсны даныҟаз Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы данаҭаа иидыркыз.

Аха аҷкәынцәа рыԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа ҟалеит. Шықәсык ааҵуаны игәарҭеит рцәажәара аҿиара шылаҟәыз. Хԥа-хԥа шықәса анырхыҵуаз Москваҟа иргеит. Имҩаԥгаз ахәышәтәра лыҵшәа амоуит. Заанаҵтәи адиагноз – аутистизмтә спектр иаҵанакуа ашьақәҟьара, анервтә система хада ачымазара, ацәажәара аԥкра.

© Видео Sputnik / Леон Адлейба Одна судьба на двоих: "Ашана" собирает деньги на лечение братьев Паразия
Одна судьба на двоих: Ашана собирает деньги на лечение братьев Паразия - Sputnik Аҧсны
1/5
Одна судьба на двоих: "Ашана" собирает деньги на лечение братьев Паразия
© Sputnik / Леон Адлейба Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит
Афонд Ашана аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит - Sputnik Аҧсны
2/5
Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит
© Sputnik / Леон Адлейба Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит
Афонд Ашана аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит - Sputnik Аҧсны
3/5

4/5

5/5
Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит
1/5
Одна судьба на двоих: "Ашана" собирает деньги на лечение братьев Паразия
2/5
Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит
3/5
Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит
4/5
Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит
5/5
Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит

Уи аахыс аҭаацәа уаҳа Аԥсны анҭыҵҟа ицартә аҭагылазаашьа рмоуит. Быжь-шықәса рыҩнуҵҟа рҭагылазаашьа еиҳагьы ибааԥсхеит.

Романи Владимири иныҭкааны адиагноз рзықәыргыларазы Москва, Воино-Иасенецки ихьӡ зху Аҭҵаарадырра-практикатә центр ҷыдаҿ агәаҭара иахысроуп.

"Еиҭакра дук ҟамларгьы ҟалоит, аха ҳгәыӷуеит. Аиаша аӡәгьы изҳәом. Аҵыхәтәантәи адиагностика анымҩаԥаагоз аҳақьымцәа ирҳәеит заанаҵ иуҳәаша ак шыҟам. Рҭагылазаашьа иацу егьырҭ ачымазарақәа рыхәышәтәра алшозар ма маҷк иарҭынчуан", - ҳәа еиҭалҳәоит Индира.

Ахәыҷқәа москватәи аклиникаҿ агәаҭара рахыжьразы 315 000 мааҭ рҭахуп. Аҭаацәа аус руӡом, ирылшаратәы иҟам.

Ацхыраара аҟаҵара шалшо еилукаар ауеит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0