Пицунда ахысраан ахы зықәшәаз атурист иҟалаз шыҟалаз еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота скорой помощи в Москве
Работа скорой помощи в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Анапаҵаҩра
Пицунда ахысраан ааха зауз атуристцәа руаӡәк Шәачатәи ахәышәтәырҭа ареанимациаҿы дышьҭоуп.

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Пицунда апансионат "Самшитовая роща" аҿы ахәрақәа зауз урыстәылатәи атуристцәа аҭыԥантәи атәылауаҩ ихҭеикыз аҭыԥҳацәа рыхьчара иалагеит. Абри атәы еиҭеиҳәеит ахәра зауз Тимур Салимгариев, РБК аинтервиу аҭо.

"Сҩызеи сареи ақьафурҭаҿы ҳтәан, иҳалахысыз ахаҵа ҳара иҳадтәалаз аҭыԥҳацәа дырҟәынҷабло, аҵәы рылихуа даналагаз. Ажәа еимаҳкит. Иара атапанча ҭыганы ҳеихсра далагеит. Ахҭрақәа ҩба ҭаирцәит", - ҳәа иҳәоит Салимгариев.

Атурист иажәақәа рыла, иара ахәрақәа фба иоуит, аоперациа ихигеит.

Иара иҳәеит ахысра аныҟала ақьафурҭаҿы дара рыда итәаз шеимыбӷьыжәааз. Раԥхьатәи ацхыраара рызҭаз ирыдтәалаз аҭыԥҳацәа шракәу.

  Президент Абхазии Аслан Бжания провел совещание в связи с ранением туристов - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аслан Бжьаниа Пицунда иҟалаз ахҭыс ахҳәаа аиҭеит

Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15 асааҭ 00:20 рзы ахысра аҭыԥ шамаз азы Пицундатәи амилициа аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит. Аҭыԥ ахь инеиз аопергәыԥ ишьақәдыргылеит ахысра ҟазҵаз Аԥсны атәылауаҩ Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа, 1978 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо шиакәу.

Аԥсны ААР адыррақәа рыла, Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа Д. В. дареи ажәақәа анеимарк ашьҭахь Ԥлиа актәи ишьаҳәырӡыӡи ишьамхи дыриеихсит, аҩбатәи – фынтә иармашьапи игәчамахи дыриеихсит.

Ахәрақәа зауз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.

Ахысра ҟазҵаз ахы бырны ихаҭа иқәшәеит. Ԥлиа изныкымкәа еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәрақәа идырҵахьан. Уажәы иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭоуп. Иганахьала ашьаус хацыркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0