Аԥсны ААР аиҳабырахь инанашьҭит закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз ахәҭаҷ зырӷәӷәо апроект

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент РА
Парламент РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Иахьазы аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны закәаншьаҭада абџьар аикәыршаразы иазыԥхьагәаҭоуп хышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны ААР Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭит закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз ахәҭаҷ арӷәӷәаразы апроект "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы".

Абри атәы аҳәоит аминистрра асаит.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аԥсны АА рминистр: атуристцәа зхәыз хәышықәса инацны дҭакхар алшоит

Апроект аус адулан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала, апансионат "Самшитовая роща" аҿы рашәара 15 азы иҟаз ахҭыс ашьҭахь.

Иазгәаҭан шықәсык аҩнуҵҟа Аԥсны амилициа 110 цыра абџьар ауааԥсыра ишрылыргахьаз.

Иахьазы аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны закәаншьаҭада абџьар аикәыршаразы иазԥхьагәаҭоуп хышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра, аха ауаа ирыдыргало асанкциақәа инарықәыршәаны атәыла алымҵразы анапаҵаҩра ауп ахархәара зырҭо.

"Ауаа ари аҩыза аумҭазы цәгьарак ишақәымшәо дырны закәаншьаҭада абџьар аархәоит, иныҟәыргоит", - ҳәа аҳәоит Аԥсны ААР аҳәамҭаҿы.

Аԥсны ААР Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭыз закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз ахәҭаҷ арӷәӷәараз апроект "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла аԥсахрақәа алагаларазы" иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 (закәаншьаҭада абџьар, аџьаԥҳаны, итҟәацуа амаҭәашьарқәа раахәара, рыҵәахра, рыҭира, рныҟәгара) арӷәӷәара.
  • актәи ахәҭа "ҩышықәса инаркны хәышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдаареи 25 000 мааҭ ахараԥса ашәара ма амшәара" аҟынтәи "хышықәса инаркны фышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдаареи 50 000 мааҭ ахараԥса ашәара ма амшәара" ахь асанкциақәа ирыцҵазарц;
  • аҩбатәи ахәҭа "ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдаара" инаркны "хәышықәса инаркны аашықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдаара" ахь асанкциақәа рыӷәӷәазарц;
  • ахԥатәи ахәҭа "хәышықәса инаркны аа-ықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдаара" аҟынтәи "аашықәса инаркны жәаҩа-шықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдаара" ахь асанкциақәа рыӷәӷәазарц.

Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 217 ахәҭа абжьаратә хьанҭарахьы иаҵанакуеит, асанкциа ԥсыҽуп ҳәа рҳәеит Аԥсны ААР аҿы. Ари иалнаршоит заанаҵтәи аҭҵааратә усбарҭақәеи аӡбаратә мчра аусбарҭақәеи аҭакԥхықәра иаҵаргылоу ахаҿы ихақәиҭра иалхәыдатәра рыдрымкыларц. Ахәҭаҷ арӷәӷәара ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥнахуеит, ацәгьоуцәагьы анырра рнаҭоит ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Азакәан апроект афинанс харџьқәа аҭаххом ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, егьырҭ азакәанԥҵаратә актқәа рыԥсахрагьы аҭаххом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0