Бжьаниа: аенергетика аусхк аекономикатә ганахьала аӡбара аҭахуп

© Sputnik Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит рашәара 16 рзы аенергетика азҵаарақәа ирызкны.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аенергетика аусхк аекономикатә ӡбара аҭахны иҟоуп, аполитикатә акәымкәа ҳәа иҳәеит атәыла ахада. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.

"Ари аус имариоу ак акәым. Аенергетика апроблема зегьы азҿлымҳауп. Иҳадҳамкылар амуаны иҟоу аусқәа ҳрыниашт. Урҭ аӡбарақәа ҳара ҳзы иԥышәагахоит. Ус шакәугьы аусхк економикатә ҟазшьоуп иамоу, уи економикала иӡбатәуп, аполитикатә ҟазшьа амҭакәа. Апроблема ӡбатәуп, иҵаҵӷәыркны иазнеитәуп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аилацәажәараҿ еиҭалҳәеит лаҵареи рашәареи амзақәа рыҩнуҵҟа афымцамчхархәара 29% рыла ишазҳаз. 2020 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазаргьы, ахархәара 267 млн квт/сааҭ рыла еиҳауп.

"Ари аҩыза адинамикала жьҭаарамза анҵәамҭазы 400 млн квт/сааҭ рҟынӡа адефицит ҳауеит. Уи иаанаго еиҭахгьы Урыстәылантәи афымцамчхара аиагарахь икылнагоит ауп", - ҳәа лҳәеит Озган.

Стеллажи с фермами для майнинга криптовалют. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны акриптовалиута аргама арҳаразы иҟоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥш

Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамчхара аиагара атәы ҳәо, аекономика аминистр иазгәалҭеит иахьазы ауал абжак шшәоу, иаанханы иҟоу 352 миллион мааҭ аагарҭа ахыҵхырҭақәагьы шыԥшаау.

Апроблема аӡбашьа авариантк акәны далацәажәеит аԥкрақәа ралагалареи акриптовалиута аиуразы закәаншьаҭада афымцамч ахархәара аҿагылареи.

Акриптовалиута аиура аҿагыларазы азакәан арӷәӷәарақәа ралагалара шьаҭас иҟаҵаны аӡбарҭақәа рахь инашьҭуп 51 ус, урҭ рҟынтәи 26 рганахьала ахараԥса 1,4 миллион мааҭ ашәаразы аӡбара рыдкылоуп ҳәа лҳәеит Озган.

Аилацәажәара алахәылацәа ҷыдала ирзааҭгылеит акриптовалиута аиуразы закәаншьаҭада афымцамчхара аҽаԥшьра аҿагылара азҵаарақәа. Амаининг аҿагылара апроблемақәа иреиуаны аӡбахә ҳәоуп ахархәагақәа иаркыз афермақәа рҟынтәи ахатәыҩнқәа рахь иахьиарго, уи ишаруадаҩуа дара раарԥшра.

Криптоферма  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аԥсны закәаншьаҭада аус зуаз акриптофермақәа ааба адыркит

"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Зураб Багаԥшь иҳәеит агәаҭарақәа раан ишаадырԥшыз 359 маининг-ферма. Аҳазалхратә маҵзура ахантәаҩы Оҭар Хьециа иажәақәа рыла, 22 610 ак хархәага Аԥсны иалган иган ари аус азин анаанкылаха ашьҭахь, аха уаанӡа официалла ареспублика иаларгалахьан 66 856 хархәага.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб инаҵшьны иазгәеиҭеит акурорттә сезон аан афымцамчхара зхы иазырхәо аобиектқәа рхыԥхьаӡара ишазҳауа. Иара иҳәеит 41 станциа маҷ рахьтә еиԥҟьарада аусура шрылшо 7 станциа маҷк шракәу, егьырҭ хымԥада ареконструкциа рҭахны ишыҟоу.

"Ҳзакәанԥҵара ҳамԥсахкәа, аԥаразоужьра ҟаҳамҵакәа аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуам. Аинвестор арахь дааиртә аинтерес ирктәуп. Аԥсны абиуџьет ала арҭ аобиектқәа рҟынтәи 10% аремонт узырзыҟаҵом", – иҳәеит иара.

Анқәаб иазгәеиҭеит астанциа маҷқәа аамҭа мгакәа реиҭашьақәыргылара ада ԥсыхәа шыҟам.

"Узықәгәыӷша аенергетика узықәгәыӷша аинвестициақәа аҭахуп. Кристина Константин-иԥҳаи лколлегацәеи абри аганахьала аус ду рухьеит. Амҩатә хсаалага Апарламенти ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ирзынаҳашьҭуеит аҭҵааразы. Еиҭазхәаԥштәу ыҟоуп, иугәамԥхаша ауснагӡатәқәагь рыдкылара аҭаххоит, аха ибжатаны аҭагылазаашьа ҳзеиҿкаауам. Ҳхы ҳамжьароуп", - ҳәа иҳәеит Александр Анқәаб.

Аԥыза-министр иҳәеит иахьанатә аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәарахь ишиастәу, даҽа мҩак шыҟам.

"Аенергетикцәеи араионқәа рхадацәеи ҳареи ҳаилацәажәароуп, ишыҟаҵатәу ҳазхәыцроуп. Иҟалап Гагра араион алашара мырцәакәа егьырҭ араионқәа рҿы арцәарақәа мҩаԥаагар?" - ҳәа иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа аихшьалатә напынҵақәа ҟаиҵеит аилацәажәара ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0