"Амра-банк" аофисцҵа арҳәра далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы даанкылоуп

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки в наручниках.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамзазы "Амра-банк" аофисцҵа арҳәра иалахәуп ҳәа агәызҩарала иаанкылан Алхас Кәыҵниеи Асҭамур Быҭәбеи.

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа аҟәша аусзуҩцәеи дааныркылеит уаанӡа изышьҭаз Артур Ӷәынџьиа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

 Ӷәынџьиа иԥшаара рылаҳәан мшаԥы 20 азы. Иара даанкылан аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан, Аҟәа ақалақь ААР аамҭалатәи аанкыларҭахь днаган.

Хәажәкырамза 13 азы "Амра-банк" аофисцҵа арҳәра иалахәуп ҳәа агәызҩарала иаанкылан Алхас Кәыҵниеи Асҭамур Быҭәбеи. Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәеи ацәгьоуцәа раанкылареи мҩаԥыргеит Аԥсны ААР-и Аҟәа ақалақь ААР-и ашьаусԥшааратә усбарҭа аҟәшақәа русзуҩцәа.

Ограбление Амра банка - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2021
"Амра-банк" аофисцҵа дақәлеит ҳәа агәҩара ззыҟоу аӡә даанкылоуп

"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵа асабрадақәа рҿаҵаны, абџьар ахархәарала идырҳәит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы.

Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналаны 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.

Абанк ахьчаҩи ақәылаҩцәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит, убри аан ацәгьоуцәа автомашьына "Ford Galaxy" ала ибналеит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына Армеискаиа амҩаду аҟны ибылны иԥшаан.

Абри ахҭыс аганахьала, Аҟәа ақалақь ААР хәажәкыра 10 рзы аусҭҵаара хацнаркит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 159 ахәҭа 4 "б" (акыр идуу амазара ахатәтәра хықәкыс иҟаҵаны ақәылара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 (абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәара, аӡәы иҭара, аҭиира, аҵәахра, амҩангара ма аныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны иҟарҵаз ацәгьоуразы) инарықәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0