"Андарбуааи Кәтыблааи ҳаишьцәоуп": ҳџьынџьуаҩ ижәла иазкны

© Sputnik / Саида Жиба Хаириттин Андарбуа
Хаириттин Андарбуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Малан ақыҭа иаҵанакуа Дауҭаа ацуҭаҟны инхо, 78 шықәса зхыҵуа ҳџьынџьуаҩ Ҳаириҭҭин Андарбуа, иабду Маҳмуд иоуп Аԥснынтәи амҳаџьырра аан ахҵәара иақәшәаз. Уи Ҭырқәтәылаҟа дшаанагази ихылҵ ду шыҟалази ртәы еиҭеиҳәеит амаҭа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Маҳмуд Андарбуа иаҳәшьаԥацәеи иаҳәшьаԥҳацәеи Тәанаа иманы атәым дгьыл ахь дықәымҵыр амуит. Ахҵәацәа анаауаз, дрыцын Маҳмуд иҩыза Џьаафер Ачбагьы. Дара Самсун иӡхыҵит. Џьаафер устәи Малан ақыҭахь дааит, иалихыз анхарҭагьы Дауҭаа ҳәа ахьӡхеит. Аашықәса рышьҭахь, Маҳмуд иҩыза сасра даниҭаа, егьи аҳәара ҟаиҵеит уаҟа дынхарц.

Село Ачандара в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Иаԥсыуа жәлахеит: Араԥиԥа ажәла шыҟалаз иазкны

"Сабду Самсунҟа даныхынҳә, Џьаафер Ачба иԥацәа иманы ҽыуардынла иҩыза дишьҭаланы дцеит. Малан ақыҭан, Дауҭаа ацуҭаҟны дынирхеит. Уаҟа Зиза Аҩӡԥҳа захьӡыз аԥҳәызба диразҟхеит, жәаҩык аԥацәа рхылҵит", - еиҭеиҳәоит амаҭа Ҳаириҭҭин Андарбуа.

Ахшара рацәа зааӡоз Маҳмуд арасаҭрақәа рацәаӡаны иман, адгьыл дықәаарыхуан. Ихәыҷқәа аӡәы инапы ианԥшылартә еиԥш иҟаимҵеит.

Маҳмуд жәаҩык иԥацәа рахьтә аӡәы аррамаҵура шихигоз машәырла дҭахеит, ҽаӡәы агәамбзиара иахырҟьаны иаамҭанымкәа идунеи иԥсахуеит. Егьырҭ зегьы ҭаацәарахоит, хазы анхара иалагоит.

"Андарбуаа иахьа Есмаҳаным ақыҭаҿгьы инхоит, уаҟа х-ҭӡак ыҟоуп, Ҭагәарақь ақыҭаҟны ф-ҭаацәак, Қузулуқ ақыҭаҟны ҩ-ҭӡак. Мҵара ҳәа аԥсуаа хьӡыс изырҭаз ақыҭаҟны хыԥхьаӡарала еиҳа ирацәаҩны инхоит, аха урҭ абиԥарахьӡны Кәтыблаа ҳәа ирышьҭоуп", - иажәа иациҵоит абырг.

Маҳмуд Андарбуа ихылҵшьҭра иахьа Ҭырқәтәыла иалаԥсоуп. Аӡәырҩы Сҭампыл ақалақь аҿы инхоит. Иахьазы абду игәараҭа иаху Ҳаириҭҭин иоуп. Ари аҭыԥ ҳаракыроуп, шәаԥыџьаԥла иҭалаҳауп. Ахәы аҟынтәи уахьԥшуа амшын Еиқәа убоит.

© Sputnik / Саида Жиба Хаириттин Андарбуа
Андарбуааи Кәтыблааи ҳаишьцәоуп: ҳџьынџьуаҩ ижәла иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Хаириттин Андарбуа

"Егьараан сабдуи саби арантәи иԥшны рыԥсадгьыл ргәалашәахьан. Рганаҿы сантәаз иқәыԥсычҳар, Аԥсны ргәы иҵалеит ауп иаанагоз. Сара сџьынџьдгьыл ахь сцартә еиԥш изыҟамлеит. Санқәыԥшыз уиаҟара схы асҭомызт, аха сықәра анааи сеиҳабацәа еилыскаауа салагеит. Хьаак самҽханакуеит амшын ахь санԥшуа", - иҳәоит иара.

Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2017
Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

Ҳаириҭҭин иабдуи иаби реиԥш иаргьы араса ааирыхуеит. Зынӡа х-нызқь шьапы изгылоуп. Иабду Маҳмуди, иаб Иусуфи еиҭарҳақәазгьы дрыхӡыӡаауа имоуп.

Хаириҭҭин идыруеит Аԥсны иашьцәа, ижәлантәқәа шынхо. Шықәсқәак раԥхьа игәылак Оҭырбак иҭоурыхтә дгьыл ахь данца, Ҳаириҭҭин инапынҵала Андарбуаа драбадырит. Урҭ рҟынтәи салам ааигеит. Аха шьҭрала иарбан қыҭоу иахьатәу абырг игәалашәаӡом. Дзызҵаашазгьы игәыла Оҭырба изаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит.

© Sputnik / Саида Жиба Ҳаириҭҭин Андарбуа иԥшәма Сабриеи иареи
Андарбуааи Кәтыблааи ҳаишьцәоуп: ҳџьынџьуаҩ ижәла иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Ҳаириҭҭин Андарбуа иԥшәма Сабриеи иареи

Ҳаириҭҭини сареи ҳаибадырра агәахәара снаҭеит, аха иҟалеит сылахь еиқәызҵазгьы. Абырг шәышықәса ниҵааит, аха иара иаамышьҭахь араҟа хаҵаҵас ԥшәымара зуша аԥа димаӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0