Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хынтәтәи ауаҩшьразы аус ахәаԥшра иацырҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСуд по делу об убийстве на набережной
Суд по делу об убийстве на набережной - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иацнаҵоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 рзы, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ахысраантәи ахҭыс аусҭҵаара. Аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит Асҭамыр Шамба, ахәышәтәырҭаҿы - Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа - ԥхынҷкәын 3 рзы.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи аилатәараҿы ахьчаратә ган ахантәаҩы Мимоза Цәышԥҳа аус далгазарц азыҳәа ҟанаҵеит, лашьа гәакьа иԥҳа Лаура Цәышԥҳа усҭҵааҩык иаҳасаб ала аусҭҵаара дахьалахәыз азы. Ари аҭагылазаашьа Ашьаустә Закәанеидкыла иаҿагылоит. Аилатәара ахыганы аӡбарҭа ахантәаҩыс далхын Маиа Кәыҵниаԥҳа.

Аӡбаҩ мап лыцәкра

Ахара здырҵо Демур Ахалаиа идукат Константин Чагәаа аҳәамҭа ҟаиҵеит аӡбарҭа ахантәаҩ ҿыц Маиа Кәыҵниаԥҳа мап лыцәкызарц, лӡаахымҭа Инал Кәыҵниа Апрокуратура хада аусҭҵааҩыс дахьыҟоу азы. Иара дрылахәын 70 рҟынӡа аусҭҵааратә усмҩаԥгара.

Верховный суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хынтәтәи ауаҩшьразы ашьауӷатә ус аӡбамҭахь инашьҭуп

Ахарадҵаратә ган ари азҵаара аӡбарҭа ишаҳәо ҳәа иаагылеит. Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит аусҭҵааҩ лхаҵа дышиҭынхо, лара дшылӡаахымҭо, реиуара атәы лколлегацәа ишҳәаақәырҵаша.

Аӡбаҩцәа аилацәажәаратә уадахь инеит, иагьрыдыркылеит азыӡба Кәыҵниаԥҳа дышхантәаҩу дааныжьзарц, адоуҳатә еиуара аус иаԥырхагам ҳәа ишьаны.

Апрокурор игәрамгара

Ахара здырҵо Даҭо Ахалаиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭырқьба, аҳәынҭқарратә харадҵаҩны иқәгыло, игәра шимго азы. Ахалаиа иажәақәа рыла, Ҭырқьба аус иинтерес алоуп, иҭахаз руаӡәк иара диҩызан, ашаҳаҭцәа рыбжьарагь иҩызцәа маҷҩым.

Ахара здырҵо Аслан Блабба иҳәеит 14 мзы рыҩныҵҟа Ҭырқьба иара зныкгьы иҿахәы шиҿимхыз, иара уи дшаҳәозгьы.

Абри ашьҭахь азал аҿы иҭахаз рыуацәа ауаҟьанчаҟьан шьҭырхит, аха ирласны аганқәа еиқәыртәаны, аӡбра иалагеит.

Дамир Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Апрокуратура хада хынтәтәи ауаҩшьразы аусҭҵаара ахыркәшарахь инеит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит

Ахалаиа идукат Марина Ҭаниаԥҳа илҳәеит азыҳәа дшадгыло, иазгәалҭеит уаанӡатәи аилатәараҿы Ҭырқьба иажәақәа рзы Апрокурор хада, Апарламент аиҳабы, атәыла ахада азыҳәа шырзынашьҭу. Аха убри аан Ҭырқьба инҭкааны ииҳәаз ҳәа акгьы азгәалымҭеит.

Аҳәынҭхарадҵаратә ган Ҭырқьба мап зицәукша ҳәа акгьы азгәанамҭеит.

Иара Ҭырқьба иакәзар, иҳәеит иинтересны имоу аус ииашарыла амҩаԥгара шакәу. Аӡбарҭа азыҳәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьеит.

Ари аӡбамҭа аҭакс Даҭо Ахалаиа иҳәеит иареи егьырҭ зус рыӡбои урҭ рдукатцәеи аӡбарҭатә еилыргарақәа ишрылахәымхо, уа Ҭырқьба далахәнаҵы. Аӡбарҭа ахьчаратә ган 10-минуҭк арҭеит рыгәҭакы иалацәажәарц.

Абри ашьҭахь иӡбан ахьчаратә ган агәаанагара шрыланаҳәо ԥхынгәы 13 азы имҩаԥгахо изаамҭанытәиу аилатәараҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0