Аԥсны иҟоу аруаа-амедикцәа аҽазыҟаҵара ҷыдақәа мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба ЮВО Медики ЮВО в Абхазии отрабатывают оказание врачебной помощи в обстановке общевойскового боя
 Медики ЮВО в Абхазии отрабатывают оказание врачебной помощи в обстановке общевойскового боя - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Аруаа-амедикцәа аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ахәцәа аибашьыга машьынақәа рҟынтәи рҭыгарази "аӷа" амассатә ҭархага абџьар ихы ианаирхәа ашьҭахь ацхыраара рыҭарази.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ амедицинатә ҟәшақәа рыррамаҵзурауаа аполигон Нагвалоу аҿы аҽазыҟаҵара ҷыдақәа мҩаԥыргоит атактикатә медицина амза аҩнуҵҟа иҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Амедусзуҩцәа "ахәцәа" рыдкылареи реихшареи, актәи амедицинатә цхыраара рыҭареи мҩаԥыргоит азеиԥшеибашьратә ҭагылазаашьа иауыршәаны ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Тактико-специальные учения Новороссийского гарнизона Южного военного округа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Урыстәылатәи амотохысцәа Аԥсны ашьхараҿи амшын аԥшаҳәаҿи рҽазыҟарҵоит

Аруаа-амедикцәа аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ахәцәа аибашьыга машьынақәа рҟынтәи рҭыгарази "аӷа" амассатә ҭархага абџьар ихы ианаирхәа ашьҭахь ацхыраара рыҭарази.

Аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рымоуп ҳаамҭазтәи амедицинатә цхыраагӡақәа – авакуумтә гәабан "Кокон", адефибриллиатор ДФР-02, апациентцәа рҭагылазаашьа хылаԥшра азҭо ахархәага МПР "Тритон" аиԥш иҟоу рыла. 

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭоуп 150 ак иҷыдоу арратә техника – ацхыраара ласы автомашьынақәа УАЗ, "ГАЗель".

Ажәабжьқәа зегьы
0