Ашәахтәқәа рзы аминистрра ахашәалақәа автоматизациала ашәҟәы иҭанагалоит

© Sputnik Заседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуеит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.

АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра ахашәалақәа автоматизациала ашәҟәы иҭанагалоит ҳәа иҳәеит аминистр Џьансыхә Нанба акоррупциаҿагыларатә закәан аус адулараз аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәеи иареи реиԥылараан рашәара 24 азы.

"Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра акымкәа-ҩбамкәа аилацәажәарақәа мҩаԥнагахьеит азакәан анагӡаразы иҟоу азҵаарақәа реилыргаразы. Иахьазы ишьақәыргылоуп атехникатә усдҵақәа, азакәан автоматизациала анагӡара. Уи иаанаго адекларациа здызкыло акадртә ҟәшақәа аинформациа апрограмма ҷыдала ихарҭәааны аминистррахь инарышьҭуеит. Уа аус анадырулалак, асаит ахь инеиуеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Нанба иазгәеиҭеит ирыдкылоу азакәан акадыртә ҟәшақәа реиҳабацәа азинмчрақәеи аҭакԥхықәрақәеи шрыднаҵо, хра шамоу урҭ анапхгаҩцәа изҵагылоу аҭакԥхықәра еилкааны аинформациа иаша еизыргалар шакәу.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Апарламент ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан ариашарақәа аднакылеит

"Адыррақәа рбазахь аинформациа шынарышьҭуоуп алкаақәагьы шыҟаҵахо", - ҳәа иҳәеит иара.

Акоррупциаҿагыларатә закәан аԥшьгаҩцәа иреиуоу Асҭамыр Какалиа иҳәеит ишазырхиоу нанҳәа акы азы адекларациа хазырҭәаараны иҟоу ауаа рсиа. Урҭ ирыдҵоу анынамыгӡаха, азакәан аԥшьгаҩцәа арҭ ауаа аҳәынҭмаҵзураҟынтәи рхы иақәиҭтәызарц Аминистрцәа реилазаареи Апарламенти рахь азыҳәақәа шыҟарҵо.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа рашәара 15 азы инапы аҵеиҩит "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан. Азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҿы рашәара 9 рзы.

Хәажәкыра анҵәамҭазы актәи аԥхьарала адепутатцәа азакәан ахь арҽеирақәа рыдыркылеит.

Человек с ручкой - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Бжьаниа инапы аҵеиҩит ачынуааи адепутатцәеи рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан

Азакәан инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы, аусбарҭа асаит аҿы иӡыргазарц. Убри аан ачынуаҩ имаҵзура данахагыла ашьҭахь, 30 мшы рыҩнуҵҟа адекларациа хаирҭәаароуп. Уи адагьы, аԥсахрақәа мҩаԥгоуп ахәҭаҷ 6 актәи ахәҭаҿы. Уи инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы. Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0