Аԥсны аԥыза-министр акоронавирус аҟынтәи алаҵа актәи акомпонент ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация в Абхазии
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 шықәсыбжак аԥхьа ихигеит.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи акомпонент рашәара 24 азы иҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Алаҵаҟаҵаратә кампаниа иалагазар, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа алаҵаҟаҵара иахысуеит, иҟоуп актәи аиԥш аҩбатәи акомпонентгьы ҟазҵахьоу. Арахь иаҵанакуеит Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аиустициа аминистр Анри Барцыц, Акультура аминистр Гәдиса Агрба.

COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара Аԥсны ихацдыркит лаҵара 11 азы. 6 500 доза алаҵа актәи апартиа Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.

Уи аахыс Аԥсны 3500-ҩык инарзынаԥшуа COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵеит.

Александр Анқәаб акоронавирус ихьит 2020 шықәса анҵәамҭазы, ФМБА Москватәи аклиникаҿы ахәышәтәра дахысуан. Аиҭашьақәыргылара аамҭа ихыганы 2021 шықәса хәажәкырамзазы ахәышәтәырҭа дылҩаан.

Москва ақалақь аҿы коронавирус азы Аоперштаб адыррақәа рыла ацәеижьҿагыла ҳарак алаҵаҟаҵара иаԥырхагамкәа ишьоуп, убри азы алаҵаҟаҵараан атест аҭара хымԥадатәим.

Ажәабжьқәа зегьы
0