"Спутник V" уажәшьҭарнахыс зцәа зтәым ирзыҟарҵалоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак
Вакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалахьеит жәанызқьҩык рҟынӡа акоронавирус змоу зцәа зтәым аҳәса. Урҭ рыбжьара иҟан ачымазара уадаҩны изхызгазгьы.

АҞӘА, рашәара 26- Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа "Спутник V" зцәа зтәым рзыҟаҵара иақәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа ахада Михаил Мурашко иажәақәа шьаҭас иааганы.

Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
ВОЗ ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵараз уаанӡатәи абжьгарақәа аҿыцрақәа рыланагалеит

"Иахьа аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәеи, аклиникаҭҵааратәи, аҭаҩранаҩстә аамҭеи азхьаԥшра рыҭаны аексперттә еилазаара аӡбра рыдыркылеит алаҵа "Гам-КОВИД-Вак" зцәа зтәым рзы ԥкыра амам ҳәа"", - иҳәеит аминистр COVID-19 аҿагылараз координациатә хеилак апрезидиум аилатәараҿы.

Абас ала аҿкычымазара хьанҭаны изҭо зцәа зтәым аҳәса алаҵа рзыҟаҵара алшоит ҳәа иазыԥхьаӡоуп.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалахьеит жәанызқьҩык рҟынӡа акоронавирус змоу зцәа зтәым аҳәса. Урҭ рыбжьара иҟан ачымазара уадаҩны изхызгазгьы.

Уаанӡа зцәа зтәым аҳәса акоронавирус аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵара анацәа реиԥш ииуа ахәыҷқәа рызгьы хра амоуп, избанзар ан лцәеижьҿагылақәа ахәыҷы иоуеит агәыԥҳәыхш анифо ҳәа иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург.

Акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы. Атәылаҿы ашәҟәы иҭагалоуп алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак", "Спутник Лайт".

Аԥсны "Спутник V" рзыҟарҵахьеит 3500-ҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0