Амина Аншԥҳаи Анастасиа Детиуки аԥкьаҭасратә турнир аҟны аиааира ргеит

© Foto / Ralf ReineckeАмина Аншба
Амина Аншба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2021
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны Амина Аншԥҳа аԥқьаҭасразы атурнирқәа хԥа ITF WTT рсериа аҟны аиааира лгахьеит.

АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳаи чехиатәи аԥқьаҭасыҩ Панна Удвардии швецариатәи Клостерс имҩаԥысуаз атурнир ITF WTT аҿы аиааира еицыргеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы.

© Foto / facebook/Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуАмина Аншԥҳаи Анастасиа Детиуки аԥкьаҭасратә турнир аҟны аиааира ргеит
Амина Аншԥҳаи Анастасиа Детиуки аԥкьаҭасратә турнир аҟны аиааира ргеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2021
Амина Аншԥҳаи Анастасиа Детиуки аԥкьаҭасратә турнир аҟны аиааира ргеит

Ҩыџьа-ҩыџьалатәи аԥкьаҭымпылтә афиналтә хәмарраҟны Дженни Дерсти -Швецариа, Вероника  Фалковскеи -Польша ириааит 3:6, 6:1, 10:3 ҳәа.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа имҩаԥысуаз рҟны. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Амина Аншба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Амина Аншԥҳа аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы реиҳа зыноурылара дуу ахԥатәи ахәмарра мҩаԥылгеит

Иара убасгьы раԥхьатәи аԥсуа спортсменка лакәхеит ақәыԥшцәа рыбжьара атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду) ирылахәхаз. Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны.

2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аԥсуа ԥкьаҭасҩы Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә ассоциациа (ITF) атурнир аҟны аиааира лгеит. Уи лкариераҟны ахәбатәи иааира дууп.

Амина Аншԥҳа, 335-тәи аҭыԥ WTA ареитинг аҿы измоу, аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы реиҳа зыноурылара дуу ахԥатәи ахәмарра мҩаԥылгеит. ITF W25 актәи аикәшараҿы, Кордоба. Ахәмарра 4 сааҭки 56 минуҭи имҩаԥысуан. Аԥснытәи аспортсменка аиааира лгеит 7:5, 3:6, 7:5 ҳәа.

Аԥсуа ԥкьаҭасҩы Амина Аншԥҳаи Панно Угвардии рыҩџьагьы командак еицаланы аиааира ршеит атурнир ITF W25 аҟны Аргентина.

Ажәабжьқәа зегьы
0