Sputnik амчыбжь: алашара арцәара аграфик, абылтәы ахәԥса, "Ауаҩы игыларҭа"

© Sputnik / Томас ТхайцукЛампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik абжьааԥнеиԥш иазнархиеит иҳаҩсыз амчыбжь, рашәара 21-27 рыҩнуҵҟа иҟалаз ахҭысқәа реизга.

Ари амчыбжь азы Аҟәа амца адыркит атәыла уаанӡатәи ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа имашьына, ареспубликаҿ абылтәы ахәԥса шьҭыҵит, акоронавирус аҽарҭбаауеит, Аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит VII жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа", Гагра аусура иалагеит игьежьуа анаԥшы-ааԥшырҭа, Аԥсныҟа иааит Башкириатәи аопереи абалети ртеатр.

Sputnik

COVID-19 аҭагылазаашьа

COVID-19 атәыла ауааԥсыра рыԥсҭазаара агоит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16906 ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15405-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык. Амедусзуҩцәа ишырҳәо ала, ачымазара рыдырбало иалагеит аҿар. Авирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит ԥшь-нызқьҩык инареиҳаны.

Аԥсны аԥыза-министр аилацәажәара мҩаԥигеит ачымазара ҿкы алаҵәара ахьаиуз инадҳәаланы аковид иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ралагалара азҵааразы.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит акоронавирустә инфекциа еиҳа-еиҳа ишалаҵәо, уи аформа еиҳа ишыхьанҭоу, ахәышәтәырҭақәа рахь инанагаз рхыԥхьаӡара ишазҳауа.

Аԥсны ачымазара ҿкы алаҵәара ахьаиуз инадҳәаланы аковид иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ралагалара ахәҭаны ирыԥхьаӡоит ареспублика СЕС анапхгара.

Имҩаԥгаз аоперативтә штаб аилатәара ашьҭахь Агәабзиарахьчара аминистр Едурад Быҭәба иҳәеит:

"Атәыла анапхгара ажәадгала рзыҟаҳҵоит амассатә уснагӡатәқәа, ачарақәа, аныҳәақәа, акорпоративқәа рымҩаԥгара ԥыркырц", - ҳәа.

Апарламент адепутатцәа ракәзаргьы, Аԥсны ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иахырҟьаны.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр ацәаҳәа ҟаԥшь даҭааит

Адепутатцәа ааԥхьара ҟарҵеит ачарақәа ааныркыларц, еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа иарку ахыбрақәа рҿы имҩаԥырымгаларц, ауаажәларратә транспорт, аџьармыкьа, ахәаахәҭратә ҭыԥқәа рҿы аепидемиаҿагыларатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Уи адагьы иазгәарҭеит алаҵаҟаҵара амҩаԥгаразы арккаратә усурақәа ауааԥсыра рыбжьара ишымҩаԥгалатәу, хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак рзы уи хымԥадатәины ишыҟаҵатәу.

Апарламентари ихымԥадатәины иршьоит Урыстәылеи Аԥсни реилацәажәарала еиԥҟьарада алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иаауа аҟаҵареи "Актемра", "Артлегиа", "Илсира" уҳәа иреиԥшу ахәшәқәа раахәаразы аԥаразоужьра аиҿкаареи.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи акомпонент рашәара 24 азы иҟаиҵеит.

Алаҵаҟаҵаратә кампаниа иалагазар, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа алаҵаҟаҵара иахысуеит, иҟоуп актәи аиԥш аҩбатәи акомпонентгьы ҟазҵахьоу. Арахь иаҵанакуеит Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аиустициа аминистр Анри Барцыц, Акультура аминистр Гәдиса Агрба.

"Ауаҩы игыларҭа"

VII жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" актәи аетап аадыртит Аҟәа Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы рашәара 21 азы.

VII международный фестиваль Стоянка человека открылся в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
VII жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртит Аҟәа

VII афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" рашәара 21 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы аартраан иазнархиеит арежиссиортә лабораториа иқәнаргылаз ароман "Сандро Чегьемтәи" аҟынтәи ақәыргыламҭа "Сандро".

Афестиваль алахәхаразы иааԥхьоуп ԥшьҩык арежиссиорцәа, ГИТИСи Шьукинтәи аҵараиурҭеи роушьҭымҭацәа: Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина (ГИТИС) Антон Кириллов (Шьукинтәи аҵараиурҭа).

Арежиссиорцәа иалырхит "Сандро Чегьемтәи" ахқәа ԥшьба: Харлампои Деспинеи", "Ҳабыгә игәыжь ажәабжь", "Ахәмарыҩцәа" , "Ахаҵа –афырхы ма Чегьемтәи апушкиндырыҩ" .

Апрофессионалтә аӡбаҩцәеи, аекспертцәеи, ахәаԥшцәеи рыбжьы еиҳарак иарҭеит Антон Корнилов иқәыргыламҭа аескиз "Ҳабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь".

Режиссерская лаборатория  Сандро. Спектакль Рассказ мула старого Хабуга.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Ауаҩы иҭыԥ, мамзаргьы Чагьамтәи адунеи РУСДРАМ асценаҿы

Афестиваль аҩбатәи аетап жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит. Иара апрограмма иалоуп Строганов ихьӡ зху МГХПА астудентцәеи аушьҭымҭацәеи рыбжьара Искандер ирҿиамҭақәа рыла имҩаԥгаз аицлабра аиааиҩцәа риуллистрациақәа рцәыргақәҵа; Аԥсны Амилаҭтә банк Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра иазкны иҭнажьыз агәалашәаратә монетақәа рцәыргақәҵа.

Уи адагьы жьҭаарамзазы Акультура аминистрреи Аҟәатәи ақәыԥшцәа Рыҩни еицымҩаԥыргоит есышықәсатәи ахәыҷқәа рыбжьара асахьаҭыхратә еицлабра "Аҳа иалху ашәырӡ".

Sputnik Аԥсны афестиваль информациатә партнерны иазыҟоуп.

Аҟәа амашьына амца ацраҵан

Аԥсны уаанӡатәи Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа иавтомашьына Toyota Land Cruiser 200 амца акит рашәара 22 ауха Аҟәа агәаҿы, Аиааира, 43 аҭыӡҭыԥ аҿы. Асааҭ 03:47 азы адырра зауз амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеит. Автомашьына Toyota Land Cruiser ырцәан. Амцакра ҟалеит автомашьына амотортә хәҭаҿы.

Рашәара 23 рзы Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҟәа амашьына амца ацразҵаз даанкылоуп, уи Дмитри Аргәын иоуп ҳәа.

Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәын иганахьала ашьаус хацнаркхьан лаҵарамзазы, урыстәылауаҩ иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит ҳәа иԥхьаӡаны.

Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Витали Габниа имашьына анырблы ашьҭахь имазара иаиуз ааха ахәԥса шьақәыргылоуп

Агәаҭаратә материалқәа рыла амчратә усбарҭа аусзуҩцәа ишьақәдырӷәӷәеит уаанӡа аҟәатәи асасааирҭа "Гора Баграта" аҟны урыстәылауаҩи Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәыни рыбжьара аимак-аиҿак аҭыԥ шамаз.

Аргәын Урыстәыла атәылауаҩ иганахьала абџьар ахы ирхеит, акырӡа диқәмақарит, анаҩсан ажәҩанахь дхысит. Иазгәаҭоуп, абџьар закәаншьаҭада ишаахәоу, аныҟәгарагьы азин шимам.

Аргәын ахара идырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла анаҩстәи ахәҭаҷқәа рыла: "ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара", "закәаншьаҭада абџьар, абџьархәҭа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арԥжәагақәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рныҟәгара".

Аоппозициаа рыбрифинг

Аоппозициатә мчқәа АРСМИРА абрифинг мҩаԥыргеит рашәара 23 азы. Иара иалахәын апартиа "Аԥсны" ахада Витали Габниа, Аԥсуа жәлар реиҿкаара ахада Адгәыр Арӡынба, аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахада Ҭемыр Гәлиа.

Апартиа "Аԥсны" ахада Витали Габниа абрифинг аартуа иазгәеиҭеит абрифинг ахьымҩаԥырго имашьына амца ацраҵара иадҳәалазарц шиҭахым. Иара иажәақәа рыла, ихадараны иишьо Аԥсны азакәан зегьы рзы еиҟаразарц шакәу.

Брифинг оппозиции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Аԥсны аоппозициатә мчқәа реидгыла акриминогентә ҭагылазаашьа иалацәажәеит

"Азакәани аиашареи аныҟам урҭ рҭыԥ акриминал иааннакылоит. Ажәлеи ажәлеи еиҿагылоит, ашьҭреи ашьҭреи еиҿанагалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны жәлар реиҿкаара ахада Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны акриминогентә ҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, аполитикатә конкурентцәа амчраҿы аҟазааразы акриминалтә дунеи иалаӡоит.

Абрифинг далахәын Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар. Иара иакымкәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Адгәыр Арӡынба дазааҭгылеит Қьамал Арӡынба лаҵара 18 азы ишьра. Иара аминистр диазҵааит – аҩнтәы баандаҩра змаз ауаҩы ԥкрада ацәгьоура иҽазкны ақалақь алалашьаз иоузеи ҳәа.

Дбар иҳәеит Баҭал Ԥлиа ииашаҵәҟьаны аҩнтәы баандаҩра шиқәыз, аха асанкциаҿы ишарбоу иалкаау аамҭақәак рзы адәы дықәзар шауа.

Аминистр ахҳәаа аиҭеит апансионат "Самшитовая роща" аҟны иҟалаз ахҭысгьы. Иазгәеиҭеит уи ауха апансионат аҵакырахь апатрультә машьына шнеиз, аха аӡәгьы шшрак шыҟаимҵаз.

Абылтәы ахәԥса иацҵоуп

Аԥсны аиҳабыра анефҭаалыҵқәа рынаӡаратә хәыԥса иацырҵеит. Абри азы Ақәҵара инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Александр Анқәаб рашәара 22 азы.

Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Аԥсны аиҳабыра анефҭаалыҵқәа рыхәԥса иацырҵеит

Адокумент ишьақәнаргылоит зыда царҭа амам еизакылатәии азаҵәылаҭиратә ахәԥсақәа.

Ахәԥса ашьақәыргылараан ашәахтә цҵа иахьырԥшуп.

Иазгәаҭоуп ареспубликатә унитартә наплакқәа, амашьына-техникатә станциақәа АУН "Аԥснытәи аҳәынҭқарратә абылтәеилахәыра" иалаӡар шакәу адизельтә былтәы аахәаразы ааԥынтәи аусурақәа рымҩаԥгаразы–иааидкыланы ашықәс аҩныҵҟа 100 тоннак еизакы хәыԥсала аиуразы.

Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп 2021 шықәса абҵара 1 иахымгакәа Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭырц Ақәҵара апроект аҳәынҭқарратә хәыԥса ҳәаақәҵаратә методқәа рышьаҭала анефҭаалыҵқәа реизакылатәии хаз-хазылатәии роушьҭра ашьақәырӷәӷәаразы.

Гагра иаадыртит анаԥшы-ааԥшырҭатә барбал

Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзы ииасыз амчыбжь азы игәырӷьахәу ахҭыс ҟалеит – Гагра иаадыртит игьежьуа анаԥшы-ааԥшырҭа. Аттракцион 24 кабина амоуп, ҩба VIP-класс иаҵанакуеит. Зынӡа 144–ҩык рҭыԥ амоуп.

Абарбал жә-баллк иҟоу адгьылҵысра ачҳауеит, иачҳауеит аԥша секундк ала 43 метра аӷьыра. Аха аттракцион ахархәара ҟалоит аԥшаӷьыра 17 метра ианеиҳам. Аҳауатә ҭагылазаашьа адырразы ара иргылоуп идуум аметеостанциа.

Аттракцион акабинақәа аркуп, асаркьа рҭасоуп, еиқәыршәоуп кондиционерлеи рԥхагалеи, аӡынгьы ахархәара ахьаҭахо азы.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рреформациа

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб атәыла ахада Аслан Бжьаниа ахәаԥшразы изынаишьҭит Ашьауӷатәи Ашьауӷа-процессуалтә закәанеидкылеи аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект – закәаншьаҭада абџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәацга маҭәахәқәа раахәара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара азы аҭакԥхықәра еиҳа изырӷәӷәо.

Абри инадҳәаланы ахада иҿы имҩаԥгаз аилатәараҿы Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аԥсахрақәа азинхьчаратә усбарҭақәа иубартә аиԥш анырра рырҭароуп, атәылауаа рзинқәа рыхьчалароуп, азинеиҿкаара дырӷәӷәалароуп ҳәа.

Алашара арцәара аграфик

Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит рашәара 28 асааҭ 00:00 инаркны.

Лампочки - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит

Аграфик инақәыршәаны, алашара дырцәалоит уахынла ҩ-сааҭк. Иазгәаҭоуп аграфик шеиқәыршәо аԥсшьаратә аамҭа шыҟоу ҳасаб азуны.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа иажәақәа рыла, уахыки-ҽнаки 1500 киловатт сааҭ аҽҭагӡаразы иахьа ф-сааҭк афымцалашара арцәара аграфик алагалазар ахәҭоуп. Логәуа дшахәаԥшо ала Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра аҭаххоит 2021 шықәса абҵарамза инаркны.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла, Аԥсны афымцацәаҳәақәа ажәит, рҭагылазаашьа нагарҭа амамкәа ибааԥсуп.

Аихамҩаҿы авариа

Рашәара 26 рзы "Москва-Аҟәа" адәыӷбеи Гагра араион иахьаҵанакуа аихамҩаҿы аус зуаз атрактори еиҿаст. Ахҭыс ҟалеит рашәара 26, асааҭ 16:45 рзы. Амашәыр иахҟьаны адәыӷба ааха аиуит, аныҟәара аанкылоуп аамҭалатәи алокомотив Адлер аҟынтәи иааргаанӡа.

Абри инадҳәаланы Гагра иаанкылан адәыӷбақәа "Москва-Аҟәа", "Гагра-Тҟәаԥс". Гәдоуҭа иаанкылар акәхеит адәыӷба "Аҟәа-Санкт - Петербург".

Апассаџьырцәа аӡәгьы ааха рмоуит, адәыӷба арельсқәа ирықәымҟьеит, аха аныҟәара аанкылахеит. Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥаҟны иааԥмырҟьаӡакәа аус руан Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0