Аԥсны адукатцәа рзинқәа шеиларго азы атәыла ахада иахь адырра ҟарҵеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Коллегия адвокатов Абхазии обратилась к президенту
Коллегия адвокатов Абхазии обратилась к президенту - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Анапаҵаҩра
Адукатцәа рколлегиа алахәылацәа реизара Аԥсны адукатцәа рзинқәа реилагара атема иазкын.

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны адукатцәа рзинқәа азинхьчаратә усбарҭақәа рхы шрыладырхәуазы атәыла ахада Аслан Бжьаниа иахь адырра ҟарҵеит.

Атекст аҿы иҳәоуп "азинхьчаратә усбарҭақәа рганахьала адукатцәа ашьаустә шьҭазаара мҩаԥганы маха-шьахалеи мораллеи русура анырра арҭарц азы иахьрышьҭашәарыцо иахҟьаны адукатцәа ихьыԥшым рыпрофессионалтә усура ашәарҭара иҭагылоит, адукатцәа рымацара рыдагьы урҭ рыгәра ганы ирыдҵаалогьы рзинқәа ԥнакуеит" ҳәа.

Адукатцәа Рколлегиа ахантәаҩы Константин Чагәаа иазгәеиҭеит иколлегацәеи иареи рзинқәа шеиларго – мзызк амҭакәа ззинқәа рыхьчо иԥылара азин ҟарҵом, реицәажәарақәа ирзыӡырыҩуеит, адукати ззин ихьчо ахаҿи реиԥылара рымаӡара еиларгоит. Чагәаа ҿырԥштәык аҳасаб ала иааигеит адукатцәа закәаншьаҭада ианааныркылоз, ианҭаркуаз, мчыла иандырҳәацәоз ахҭысқәа рыӡбахә иҳәеит.

Сайт палаты адвокатов РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2020
Аԥсны адукатцәа Рпалата: Аиустициа аминистрра азинхьчаҩцәа ирықәыӷәӷәоит

Асеиԥштәи аколлективтә зыҳәа адукатцәа Рколлегиа иҟанаҵеит адукат Жанна Шенкао, Facebook аҿы аник "Саҭанеи Гәашьа" лыхьӡ ала апровокациатә ҟазшьа змоу аинформациа рылалырҵәозшәа лыӡбахә анцәырырга ахҭыс ашьҭахь. Чагәаа иажәақәа рыла, Шенкао закәаншьаҭада даанкыланы Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМи рҟны уахыки-ҽнаки даанкылан дрыман. Лара доушьҭын лҿахәы анылҿырх ашьҭахь, лтелефон лымхын, уи иахьанӡагьы илзырхынҳәым.

Шенкао мап ацәылкуеит аник "Саҭанеи Гәашьа" лыхьӡ ала апровокациатә ҟазшьа змоу аинформациа алалырҵәон ҳәа илзырҳәаз. Лара илҳәоит лганахьала ахарадҵара шьаҭак аманы иҟам ҳәа, иагьазгәалҭоит 2019 шықәсазы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы хҩык рышьра шаҳаҭс дахьамоу шакәу ахарадҵара зыдҳәалоу.

Суд по делу об убийстве на набережной - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хынтәтәи ауаҩшьразы аус ахәаԥшра иацырҵоит

"Иҟалап саԥыҩланы исҳәозар, аха даҽа мзызк збом. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы, СИЗО аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟасҵоит ари аҭагылазаашьа ҭырҵаарц", - ҳәа лҳәоит лара.

Адукат Мазона Ҵәыџьԥҳа лажәақәа рыла, ари аҩыза азинеилагара азинтә ҳәынҭқарра иаҟазшьаны иҟаӡам.

Константин Чагәаа иколлегацәа ирыдигалеит апрофессионалтә ҿагылара мҩаԥыргарц, жәамш рыҩнуҵҟа аӡбарақәеи ашьаусҭҵаарақәеи рхы рыладмырхәырц.

Адукатцәа ари ажәалагала адгылара арымҭеит, ус ала ззин рыхьчо ауаа рзинқәа ԥкхоит ҳәа азгәаҭаны. Аколлегиа алахәылацәа иазгәарҭеит рзинқәа реилагареи ақәымчра рыҭареи иаҟәымҵыр, амаҵзурақәа рынагӡара иаҟәыҵыр шакәхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0