Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны заҟаҩ алаҵа рзыҟаҵоу атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿы акоронавирус еиҳа-еиҳа ишалаҵәогьы, алаҵаҟаҵара макьаназ ишьшьылаҳаны имҩаԥысуеит.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит 4682-ҩык. 2197-ҩык алаҵа аҩбатәи ахәҭа рзыҟаҵоуп ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба рашәара 29 азы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

Аԥсны алаҵаҟаҵаратә кампаниа иалагеит лаҵара 11 азы. Алаҵа ҟарҵоит "Спутник V" ала. Алаҵа раԥхьатәи апартиа, 6,5 нызқь доза ареспубликахь иааргеит мшаԥымза анҵәамҭазы.

COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит Аԥсны аԥыза-министри Аминистрцәа реилазаара алахәылацәақәаки.

Аԥсны COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 17 нызқь иахысхьеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 240–ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0