Пицунда аԥсшьаҩцәа иреихсыз иганахь ала даҽа шьауӷатә ус хацыркуп

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
Дмитри Ԥлиа, Пицундатәи апансионат "Самшитовая роща" аҿы атуристцәа иреихсыз ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Дмитри Ԥлиа иганахь ала ашьаус хацыркуп закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьарқәа раахәара, рымҩангара, рыҵәахра ахәҭаҷ ала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Уаанӡа Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа иганахьала абџьар закәаншьаҭада аныҟәгара, гәҭакрыла ауаа ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ааха рыҭараз; закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи; амбжьахраз ҳәа ашьаус хацыркын.

Арҭ аҩ-уск еицҵаны аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гагра араион ААР аусҭҵааратә ҟәша.

Аԥсны ААР апресс-маҵзура иазгәанаҭоит аҩбатәи ашьаус шхацырку аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны: Ԥлиа, апансионат "Самшитовая роща" аҿаԥхьа игылаз имашьына Volkswagen аҿы иԥшаан анаркотикатә маҭәашьар "марихуана".

Ацәгьоура ҟалеит апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы.

Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа ажәақәа анеимарк ашьҭахь, иара аԥсшьаҩцәа дреихсит. Ахәрақәа зауыз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0