Аԥсны аҵара аминистрра агеографиатә ҭыԥхьыӡқәа шьақәнаргылалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
"Агеографиатә обиектқәа рыхьӡқәа рзы" азакәан инақәыршәаны уаанӡа ари аус рнапы ианын Аминистрцәа реилазаареи Апарламенти.

АҞӘА, рашәара 30– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаара Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра азинмчра анаҭеит агеографиатә обиектқәа ҭыԥхьыӡқәа ашьақәыргыларазы.

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра имҩаԥнагалоит:

  • Агеографиатә обиектқәа иҟоу рыхьӡқәа рыԥҟара аҳәаақәҵара
  • Аҳәынҭқарратә иаку асиа амҩаԥгара
  • Агеографиатә обиектқәеи Аԥсны иҷыдоу аекономикатә зона иаҵанакуа аконтинентальтә шельфи рыхьӡқәа ашәҟәы рҭагалара амҩаԥгара
  • Аԥсышәалеи урысшәалеи Аԥсны ахьыӡқәа рзы ахсаалақәеи, атласқәеи, ажәарқәеи, аилыркаагақәеи рҭыжьра.

"Агеографиатә обиектқәа рыхьӡқәа рзы" азакәан Аԥсны Апарламент аҿы ирыдкылан 2017 шықәсазы.

Адокумент инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәоит агеографиатә обиектқәа ахьӡрыҭара аусхк аҟны иаку аҭахрақәеи аԥҟаррақәеи ҳәаақәызҵо анорматив-зинтә актқәа, иаднакылоит аӡбрақәа агеографиатә обиектқәеи Аԥсны иҷыдоу аекономикатә зона иаҵанакуа аҭыԥқәеи. Аԥсны Апарламент ареспублика аиланхарҭатә ҭыԥқәа ахьӡ рыҭареи, рыхьӡ аиҭакреи азы аҭакԥхықәра адуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0