Аԥсны аонкоцентр аусзуҩцәа аҩнытә баандаҩра рықәҵоуп

CC0 / / Судебный молоток
Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын, ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала ашьаус хацыркуп.

АҞӘА, рашәара 30- Sputnik. Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын ҩымз аҩнытә баандаҩра иқәҵазарц ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аиԥш зеиԥшу азыӡба рыдыркылеит ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа лганахьалагьы. 

Архивное фото уголовного дела - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Аԥсны аонкоцентр аусзуҩцәа рганахьала ашьаусҭҵаара хацыркуп

Ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа лҿахәы лҿыхразы ааԥхьара лыман, аха лгәамбзиара иахҟьаны аусԥшааратә усзуҩцәа рахь дымнеит. Ахҭыс азы аусҭҵаара мҩаԥыргоит.

Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа ахара рыдырҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 (атәым мазара аӷьычра амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала) инақәыршәаны.

Заанаҵтәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа акьыбачымазара зыхьуа хәшәыла реиқәыршәаразы Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ахимиа-гармонтә хәшәқәа роураан ачымазцәа рамбулатортә картақәеи амедицинатә маҵзура ахәԥсашәаратә реестри рҿы имцыз адыррақәа анырҵон апациентцәа ахимиатерапиа иахысуазшәа, иара убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьет аԥхасҭа ду аҭан.

Заанаҵтәи аусҭҵаара иаҵанакит ачымазцәа ахимиатерапиала реиқәыршәаразы 2017-2021 шықәсқәа рызтәи Аҳәынҭқарратә программа аамҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0