Аԥсны ААР изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлыҵшәақәа ирылацәажәеит

CC0 / / Дворец Нации. Женева.
Дворец Нации. Женева.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа анаҩстәи 54-тәи аиԥыларақәа азыԥхьагәаҭоуп жьҭаара 12-13 2021 шықәса рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи аиԥылара. Иара иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.

Документ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
"Ампыҵахалара аԥыхразы" астратегиа аус адуларазы акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла

Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла рхаҭарнакцәа даҽазныкгьы агәҭынчымра аадырԥшит НАТО Қырҭтәыла аҵакыраҿы ахымҩаԥгашьазы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла рхаҭарнакцәа инаҵшьны иазгәарҭеит НАТО имҩаԥнаго аусқәа арегион аҿы аҭышәынтәалараз аамҭа рацәа зқәырӡу аҽазышәарақәа ҵыршәаар шалшо.

Аԥснытәи аган Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа азхьадырԥшит аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспублика аҳауатә ҵакыра изныкымкәа аҳәаанырцә аҳаир ӷбақәа ишеиларго.

Аԥсны ААР аҿы иазгәарҭоит асеиԥш ахымҩаԥгашьа Қырҭтәыла аганахь ала аичырчара акәны ишырыԥхьаӡо.

Иааидкыланы ақырҭуа-аԥсуа, ақырҭуа-аахыҵ уаԥстәылатә ҳәаақәа рҟны аҭагылазаашьа иҭышәынтәалоу акәны ахәшьара арҭеит, Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рыда.

Милана Абшилава - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Арадио
Аԥшьлаа "ампыҵахалара аԥыхразы" Қырҭтәыла астратегиазы: Женева аицәажәара лҵшәаданатәуеит

Традицианы азхьаԥшра ҷыда аҭан амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа  алацәажәара. Аха ақырҭуа ган аҽазныкгьы ари азҵаара ашьҭыхра иаҿагылеит.

Абри ахырхарҭаҿы азнеишьа ҷыдақәа раԥҵара ахәҭаны ишыҟоу шьақәырӷәӷәан. Азҵаара алацәажәара жьҭаарамзазы имҩаԥырго аиҿцәажәарақәа рахь ииаган.

Аԥсуа дипломатцәа иазгәарҭоит ақырҭуа ган ахҵәацәа рызҵаара иааҟәымҵӡакәа ишышьҭырхуа, аполитикатә ҟазшьа аҭаны. Убри инадҳәаланы ари азҵаара Женева алацәажәара алшоны ишырымбо рҳәеит.

Аиԥылара алахәылацәа еицҿакны адгылара арҭеит Гал имҩаԥыргоз МПРИ аусура ацҵара.

Агуманитартә зҵаарақәа рзы агәыԥ аҿы ирылацәажәан ԥкырада аныҟәара, аҵарадырра уҳәа актуалра злоу азҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0