Тамшьтәи аԥсшьарҭатә комплекс официалла иаадыртит

Кемпинг  ТАМЫШ Village - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Анапаҵаҩра
"Тамшь Village" - ари амшын аԥшаҳәаҿы игылоу 1000-ҩык зкуа ҳаамҭа иақәшәо коттеџьтә комплексуп, уи аргыларазы аинвестициақәа аланаҵеит урыстәылатәи атуристтә еилахәыра "Библио-Глобус".

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан алшықәсанык аус зуло асасааирҭа-рзҩыдаратә комплекс "Тамшь Village" официалла иаадыртит асабша ԥхынгәы 3 рзы. Уи аартра ацеремониа далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҳәа адырра ҟанаҵоит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа аартраан еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит, асасцәа аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит иахьатәи ахҭыс Аԥсназы аҵак ду шамоу.

"Ари баша туристтә обиектк аартра акәӡам, ари Тамшьи иааидкыланы Аԥсны мрагыларатәи ахәҭеи реиҭаҿиара иасимволуп", - иҳәеит иара.

© Foto / facebook / Управление по туризму ТПП РА / PH.S.KТамшьтәи аԥсшьарҭатә комплекс официалла иаадыртит
Тамшьтәи аԥсшьарҭатә комплекс официалла иаадыртит - Sputnik Аҧсны
1/4
Тамшьтәи аԥсшьарҭатә комплекс официалла иаадыртит
© Foto / facebook / Управление по туризму ТПП РА / PH.S.KТамшьтәи аԥсшьарҭатә комплекс официалла иаадыртит
Тамшьтәи аԥсшьарҭатә комплекс официалла иаадыртит - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара аусутә ҭыԥқәа раԥҵареи Аԥсны аекономика аинвестициақәа ралагалареи ҷыдала ишазнеиуа.

"Ҳара Аԥсны аинвестициақәа радԥхьаларазы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥаҳҵалоит. Ара аинвесторцәа рхы иацәымшәартә иҟаҳҵоит, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иахәҭоу ацхыраара рырҭалоит. Иахьа Тамшь иааҳартуа аобиект уи аусеицуразы шаҳаҭра ауеит", - иҳәеит Бжьаниа.

Иара еизаз агәра диргеит арҭ рҩызцәа апроектқәа наҟ-наҟгьы ишаԥырҵало атәыла араионқәа зегьы рҿы. 

Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит атуристтә компаниа "Библио-Глобус" инарыгӡаз аусуразы, иара убас аргыларақәа мҩаԥызгоз аиҿкаарақәагьы.

Тамшьҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәразы инеит Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Сергеи Шамба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, апарламент адепутатцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, асасцәа, атурбизнес ахаҭарнакцәа.

"Тамшь Village" - ари амшын аԥшаҳәаҿы игылоу 1000-ҩык зкуа ҳаамҭа иақәшәо коттеџьтә комплексуп, уи аргыларазы аинвестициақәа аланаҵеит урыстәылатәи атуристтә еилахәыра "Библио-Глобус".

Ажәабжьқәа зегьы
0